Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Зқьыла аԥсҭазаарақәа ахьҿыцәааз Қьефқьен: амҳаџьырцәа ргәаларшәара амш азы

© Foto / Сырма АшубаКефкен. Турция.
Кефкен. Турция. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҳаџьырқәа ргәалашәара амш инамаданы, ажурналист Сырма Ашәԥҳа дазааҭгылоит ҳажәлар рыхәҭа дук ахьықәынҵәаз Қьефқьен дызлаԥшыз угәы ҭызшьаауа ахҭысқәа ртәы.

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

Қьефқьен, Қараач ақыҭа… Алаӷырӡ, агәаҟра, ачымазара бааԥсы, аԥсҭбарақәа, иҿыцәаауаз агәыӷрақәа… Амшын еиқәа аҿықә аҟны ахеиқәырхара рылымшакәа иқәынҵәаз ҳажәлар рыхәҭа дук, урҭ рыҵәаабжьы ҽеила уааҭгыланы уӡырҩыр иахьагьы улымҳа иҭаҩуеит.

Џьамбул Инџьгьиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Инџьгьиа: амҳаџьырра ишахәҭоу еиԥш иҭҵааны макьана иҳамам

Амҳаџьырра ҳажәлар ирзаанагаз атрагедиа аҭоурых иануп, иҭҵаамкәа иҟоугьы шаҟа ирацәоузеи? Аҭоурых ныҟәызго ажәлар роуп, излаԥшыз ахлымӡаах аиҭахәаха рмаӡакәа шаҟаҩгьы рыԥсҭазаара иалҵзеи атәым дгьыл аҿы? Ашәышықәса ниакәкәа ишцахьоугьы, ҳажәлар рыбаҩқәа змадоу адгьыл гәынқьуеит, еихсыӷьра змам ахьаа цәгьа иаҵоуп.

Ауаҩы ибла иабо ԥсраҽнынӡа ианихамшҭуа ыҟоуп. Убас еиԥш, Ҭырқәтәыла акырынтә сышцахьазгьы, шықәсқәак раԥхьа ауп зыӡбахә сымоу Қьефқьен аҭыԥ саҭаартә еиԥш аҭагылазаашьа ансоу. Усҟан, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телехәаԥшреи арадиои ржурналист лаҳасаб ала, лаҵарамза 21 рзы ахҵәара иақәшәаз амҳаџьырқәа рымш агәаларшәаразы Ҭырқәтәылаҟа ицоз Аԥснытәи аделегациа срыцын, авидеоҭыхымҭақәа ҟаиҵон аоператор Роберт Ламиа. Уижьҭеи иҵит жәашықәса. Ԥхыӡу лабҿабоу аҳәара уадаҩуп усҟан сара сызлаԥшыз, сыблақәа ирбаз игәыҭшьаагоу асахьақәа. Амшын аҟәара, аԥслымӡра, асакара… Иара убри аҭыԥанҵәҟьа иҟоу аҳаԥқәа, ҳажәлар аамҭаказы хеиқәырхагас, хыԥхьакырҭас ирымаз, урҭ ирну аҩырақәа агәра удыргоит ҳажәлар ирхыргаз аҭоурых акыр ишҵаулоу, зқьыла аԥсҭазаарақәа убраҟа ишҿахҵәаз.

© Foto / Сырма АшубаАжурналист Сырма Ашәԥҳаи аоператор Роберт Ломиеи Қьефқьен, Ҭырқәтәыла.
Зқьыла аԥсҭазаарақәа ахьҿыцәааз Қьефқьен: амҳаџьырцәа ргәаларшәара амш азы - Sputnik Аҧсны
Ажурналист Сырма Ашәԥҳаи аоператор Роберт Ломиеи Қьефқьен, Ҭырқәтәыла.

Иҭынчран араҟа акыршықәса, машәыршақә ауп ари аҭыԥ ашьҭа ахылара аналыршахаз. Изларҳәо ала, Адаԥазарынтәи амшын аҭалара ҳәа арахь иаауаз арԥарцәа рцәажәашьҭыбжьы заҳаз аҭыԥантәи ҭаҳмадак, изеилымкааз аԥсуа бызшәа дазҵааит :"Закә бызшәоузеи шәызлацәажәо?"-ҳәа. Ишаԥсацәаз анеиликаа, ираиҳәеит аԥсуа нышәынҭрақәа араҟа ирацәаны ишыҟоу. Убри нахыс амҳаџьырқәа ргәалашәара амш есышықәса иара убри аҭыԥ аҿы иазгәарҭоит Ҭырқәтәыла ахы-аҵыхәа инхо ҳдиаспора зегьы, урҭ рыҽрымардоит Аԥснытәи рашьцәагьы.

© Foto / Сырма АшубаҚьефқьен иҟоу аԥсуа нышәынҭрақәа
Зқьыла аԥсҭазаарақәа ахьҿыцәааз Қьефқьен: амҳаџьырцәа ргәаларшәара амш азы - Sputnik Аҧсны
Қьефқьен иҟоу аԥсуа нышәынҭрақәа

Амшын иӡхыҵыз ҳауаажәлар ирхыргаз арыцҳарақәа ирҿахәҳәаганы иаанхаз акырӡа ирацәоуп.

Уахьынаԥшааԥшлак зегь гәыҭшьаагоуп, ишгәыҭшьаагоу еиԥш аамҭа еиҭасра иалаӡыз аԥсуаа рлахьынҵа. Араҟа адгьыл даҽа дгьылуп, ажәҩангьы убас, зегьы ԥсык-ԥсык рхоуп, зегь дара рхатә ҭоурыхқәа рымоуп. Арахь иӡхыҵыз ҳабацәа ҳабдуцәа мцаԥхак изаҭәҳәо иҟамызт, рымчқәа есааира ирылӡаауан, амлакреи, ахьҭакреи, ахьаацәгьеи рыхгара уадаҩын. Усҟан ааигәа-сигәа қыҭакгьы ыҟамызт уажәеиԥш: бнаран, цәҳәырран. Заџьал зхыццакыз аԥсуаа рахьтә иҟан зыбз ада зыхәламыз амаалықьцәа, имицыз асабицәа, анра иазыԥшыз аҭыԥҳацәа. Заҟа ихьааузеи зысаби знапала анышә дамаздоз ан лгәырҩа? Зылацәақәа наӡаӡа еиқәызыԥсахьаз амаалықьцәа "шьышь-нани" ҳәа ашәа анырзырҳәоз? Ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа ауаҩытәыҩса ицәа аҭагӡара шаҟа иуадаҩузеи? Аха еиҵагыло абиԥарақәа ирхамшҭырц азы иахьа уажәраанӡа имырӡӡакәа иааргоит аиҳабацәа.

Агәыӷра рацәа зцу аԥсҭазаара. Ҳажәлар ирыхҭысыз еимгеимцарак иадамхаргьы ухаҿы аагара уадаҩуп. Уи ус шакәыз еиҳагьы иснырит ҳажәлар ахьықәынҵәаз аԥшьаҭыԥ санаҭаа. Уаҟа сзықәшәаз абыргцәа рахьтә иҟан забацәа забдуцәа Аԥснынтә ахҵәара иақәшәақәазгьы. Урҭ ирхылҵыз ракәзар, ауха уаҟа иҷаԥшьон, ирнырырц, иркьысырц амҳаџьырра иабылыз рыуацәа-рҭахцәа рхьаа, иџьабон, ишџьабо еиԥш дгьыли жәҩани урҭ рыхьӡала.

Кавказ жәлар ирыхҭысыз хашҭра ақәымларц, урҭ ргәалашәара ахьӡала амшын ихырҵон ашәҭқәа, ирҳәон рҿахәы, жәларык зегьы рҿахәы, адунеи иақәлахарц рҭоурых. Иргәаладыршәон рабдуцәа ирыхҭысыз, дара реиҭаҳәамҭақәа рыла ирдыруаз ажәабжьқәа. Иазгәарҭон, реиҳабацәа ргәи-рылаӷырӡи шеилаҵәоз, "ашьхара анаҩс иҟоуп ҳ-Аԥсны" ҳәа рыла ҭаа ишазыԥшуаз ргәыӷрақәа шеицакуаз, рынарцәымҩа ишықәлоз.

© Foto / Сырма АшубаКефкен. Турция.
Зқьыла аԥсҭазаарақәа ахьҿыцәааз Қьефқьен: амҳаџьырцәа ргәаларшәара амш азы - Sputnik Аҧсны
Кефкен. Турция.

Амшын Еиқәа иацәыхарамкәа улаԥш ҳәаа захьымӡауа анышәынҭра аҭыԥкәа рацәоуп, уаҟа анышә иамадоуп хыԥхьаӡара рацәала аԥсуаа. Урҭ еиҩшоуп хаз-хазы, аиҳабацәеи ахәыҷкәеи ртәы ҳәа. Урҭ аҳаҭгәынқәа иахьагьы ирықәыҩуеит зҭахцәа зегьы зымҵәаз Елиф Қьецԥҳа ллақмар абжьы.

Изларҳәо ала, уахгьы-ҽынгьы лара арҭ аҳаҭгәынқәа рҟны дыԥхьон, дырзыҭгомызт, уаҟа лчамгәыри ллақмари еицлырцәажәон. Уи заҳаз асулҭан ауаҩы дылзынаишьҭит хьаахҽыгас аҳаҭгәынқәа аанлыжьырц. Аха, аҭакс: "Аччара зхашҭыз изы аҵәыуара ахьынӡахаау асулҭан ҳазшаз иимырдырааит, аҵәыуара сахьақәиҭу сыҟазааит" - лҳәан, илымуит.

Абасала, ауаатәыҩса рыԥсҭазаара хәышәтәышьа змауз хьаахеит, уаԥсҵәык анышә ԥсадгьылхом мчымхарала зыԥсадгьыл иаԥхахаз аԥсуаа рзы. Амшын еиқәа лахьынҵеиқәаҵәас иззыҟалаз ҳауаажәлар абас еиԥш ргарашәеи рмыткәмабжьи еилаӡҩон. Ахәыҷқәа рҳаҭгәын ҭыԥқәа хазуп, уи алацәажәара акыр игәаӷьыуацәоуп. Анышәынҭрақәа рзааигәара иҟаз аӡҭачаҿы рыԥсыбаҩ хәыҷқәа кәабаны анышә ихәыҵарыҳәҳәон рҭаацәа, анаҩс хаҳәқәак наганы рхаҿы инышьҭарҵон…

Аԥснынтә Қьефқьенынӡа, мчыбжьык шхәала аныҟәара ахьыбжьоу, аџьамыӷәа цәгьа зхызгаз рлахьынҵа еиқәаҵәа ахьҿахҵәаз, абарҭқәа зегьы ҳауаажәлар ирԥышәаган.

© Foto / Сырма АшәԥҳаҚьефқьен
Зқьыла аԥсҭазаарақәа ахьҿыцәааз Қьефқьен: амҳаџьырцәа ргәаларшәара амш азы - Sputnik Аҧсны
Қьефқьен

Амшынмҩа анаҩс, зыԥсы ҭаны иаанхаз аԥсуаа ирзымдыруаз тәым дгьылк ршьапы анықәдыргыла ирхыргаз аҳәара уадаҩуп. Анышәынҭрақәа нап рыдкылоуп, ирыцқьоуп, иагьхкаауп, ус еиԥш азин ҟарҵеит аҭырқәцәа. Уимоу, иҟоуп ана-ара ицәырҵыз анапылаҩыра жәлақәагьы зну ахаҳәқәа, урҭ еиҳарак ҭырқәа бызшәалоуп ишрыдҩылоу, аха зхаҭара шьақәыргылам еиҳауп.

Махаджиры. Художник Сергей Габелия - Sputnik Аҧсны
Саб амҳаџьырра дшагаз

Кавказ ажәларқәа рыхьӡала уаҟа иргылоуп абаҟа. Аҿҳәара узшьуам, егьа аамҭа царгьы џьара ахы цәырнамгар ҟалом, рҿахәы шцәырыргаз еиԥш зыӡбахә ҳамоу ахҭысқәа.

Агәалашәаратә мшы иацуп агәкамыжьра, ахара ухьазырԥшуа агәыӷра. Доуҳала иӷәӷәаз, аха мчымхарыла зыԥсадгьыл аанызмыжьыр ада ԥсыхәа змауз Ашьхарыуа жәларқәа атәым жәҩан аҵаҟа ҿамҩак аӡы ишаҳәоз зынарцәымҩа иқәлаз, ахамышҭыхә зхызгаз, ахеиқәырхара зқәашьханы аизҳара зԥеиԥшхазгьы еснагь гәыҵхас ирымаз рыԥсадгьыл ала аҭаԥшра акәын.

Сыбла ихгылоуп уи ауха аҵх лашьца иалыԥхаауаз аԥслымӡ ҟәараҿы еиқәыз амца. Уи иахылҵуаз аԥхарра адунеи арлашон, дгьыли жәҩани уи амцабз рыхкьысуан, аамҭаказы иарыхьҭшьхьаз агәқәа арԥсаҳәон, аԥсҭазаара иазыҳәо иҟанаҵон. Издыруада заҟа мшы еиқәаҵәеи, ҵхы лашьцеи рхыргаз ҳауаажәлар ари аҭыԥ аҿы? Зыԥсадгьыл ацәаара абара зыбла наӡаӡа ихбалаз аԥсуаа рлахьынҵа цәгьа арҭ аҭыԥқәа наӡаӡа ишырхыҳәҳәало иаанхоит.

Ашықәсқәа ниакәкәа ицазаргьы, Қьефқьен амшын аҟәараҿы абжьы геит аԥсуа бызшәа ашьҭыбжь, асакара иахыҵәон Амҳаџьыраа ргарашәа. Есааира агәаҟашәеи Аиааира ашәеи еилаӡҩон, ажәытәреи-аҿатәреи еигәныҩуан, ишеигәныҩуа еиԥш еицәыӡхьаз аишьцәа рыгәқәа.

Аԥсуа шьха қыҭа Есма- Ҳаным - Sputnik Аҧсны
Есма-Ҳаным ақыҭаҿы игылоу ачамҳаҵла амҳаџьырра аҭоурых иаҿахәҳәагоуп

Араҟа иқәыҩуан Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба иҭоурыхтә роман "Ацынҵәарах" аҟынтә иаагоу, ҳажәлар ирхыргаз аԥсҭазаара уагәылазырԥшуа ацыԥҵәахақәа. Ааи, арҭқәа зегьы ԥхыӡҵас исзааиуазаргьы, агәра згоит лабҿаба имҩасуаз ахҭысқәа шракәыз, избанзар исқәашьхеит урҭ рҿахәҳәара, исцәыхьанҭазаргьы ишьҭыхтәын, уаҵәтәи амш азы…

Иахьа, Анцәа иџьшьаны, иҟоуп хауаажәлар рхылҵ, инрыжьыз рдаракәац. Ҳгәы рыладууп ҳхылҵшьҭрақәа зҭоурыхтә ԥсадгьыл иазыхынҳәуа, араҟа аҭаацәарақәа аԥызҵо, аҿиарамҩа ианыло. Аԥсадгьыл ԥшуп, дшазыԥшу еиԥш асаби иан лыла аҭаԥшра.

Ҳажәлар ари аҩыза ахамшҭыхә рҟәыблазааит, ҳ-Аԥсны ԥшӡа ҳаиднакылааит нырцәи-аарцәи ҳәа ҭоурыхла еиҟәшоу, аха гәыла-ԥсыла еизааигәоу ҳауаажәлар зегьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0