Афинансқәа рминистрра: 189 миллион мааҭ асоциалтә усхк иазырхахоит

CC0 / / Деньги в кошельке
Деньги в кошельке - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аиҳабыра иалыркааит еиҳа аԥыжәара зҭатәу абиуџьеттә ныхрақәа рхырхарҭа ареспубликатә биуџьет аҭышәныртәаларазы.

АҞӘА, лаҵара 22 – Sputnik. Мшаԥымзатәи ауалафахәқәеи асоциалтә ԥарацҵақәеи инхарҭәааны ишәоуп ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Афинансқәа рминистрра апресс-маҵзураҿы лаҵара 22 рзы.

50 миллион мааҭ абиуџьет аусзуҩцәа руалафахәы иазырхоуп.

"Агәабзиарахьчара, аҵарадырра, акультура, аспорт уҳәа асистемақәа русзуҩцәа руалафахәы, хаз игоу атәылауаа ркатегориақәак рԥарацҵа мшаԥымзазы инагӡаны ишәоуп. Азеиԥш ԥарашәара 189 миллион мааҭ артәоит", - ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.

Афинансқәа рминистрра апресс-маҵзураҿы иазгәарҭеит абиуџьет аусзуҩцәа рҿаԥхьа мшаԥымзазы ауал ыҟам ҳәа.

Еиҳа аԥыжәара зҭатәу абиуџьеттә ныхрақәа рхырхарҭа акоронавирус аҿагыларазы хырԥашьа змам аусқәеи ауалафахәы ашәареи асоциалтә шәарацҵақәа рыҭареи роуп ҳәа азгәаҭоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0