Ирахәымшхарц азы ирӡатәуан: Ашьа Дбарԥҳа-Жьиба ажә шырныҳәоз еиҭалҳәеит

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаАшьа Дбарԥҳа - Жьиба
Ашьа Дбарԥҳа - Жьиба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажәытәан, аԥсуаа арахә рыдларц азы аныҳәарақәа мҩаԥыргон. Шықәсык аҟынӡа зхыҵуаз ажәҵыс рӡатәуан, ианхьалак ахш агьама рбаанӡа еиҭаныҳәон. Абарҭ акәамаҵамақәа ртәы ҳзеиҭалҳәеит Лӡаа ақыҭан инхо, 84 шықәса зхыҵуа, иахьагьы арҭ ақьабзқәа ныҟәызго Ашьа Дбарԥҳа–Жьиба.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа лымкаала арахә-ашәахә пату рзақәын. Имшны ирыдларц азы еиуеиԥшым аныҳәарақәа мҩаԥыргон. Зегь раасҭа ихадараны иԥхьаӡан аӡатәра.

Аӡатә - Sputnik Аҧсны
Анана-шацәа-чаԥацәа рӡатә: аԥҳәызба аҭаацәара ҿыц даналалак илзынарышьҭуа

"Шықәсыканӡа инеихьеит ҳәа иԥхьаӡаз, аԥшәмацәа ирымаз, мамзаргьы ҿыц ирыднагалаз аҿша рӡатәуан. Уи ахатәы кәамаҵамақәа аман. Аҩнԥҳәыс ашьыжь шаанӡа дгыланы ача лкәаҳауан, амажәа анымазеихалак, ашә агәылаҵаны лнапала ихаргьежьааны илӡуан. Адәахьы идәылылгоз аишәа хәыҷ иқәлыргылон аҩы цқьагьы. Ақьафынцқьа зыӷраз, ацәацқьа иалхыз ацәымза ҟаҵаны, ажә ныҳәаны илбылуан. Аӡатәра мҩаԥылгонаҵы, ажәҵыс ахәда ирымкыц ампахьшьы шкәакәа хылшьуан. Аҵыхәтәаны алымҳа ақәцә, уажәшьҭа иӡатәуп ҳәа идырҟьон", - еиҭалҳәоит аԥҳәыс бырг Ашьа Дбарԥҳа–Жьиба.

Аӡатәра иаанагоз, аԥхьаҟа ажә аҿша ариир, ирахәымшны аԥшәмацәа ирыдло, иаҭаххар инырҵо, мамзаргьы ашҭа иҭырго, ацәҵыс ариир - уи аӡәы имҭакәа, ишынҭаацәоу ҳазшаз иашьаԥкны, ишьны дара ишырӡатәхәхо акәын. Ари аныҳәара ҷыдарас иамоу, знык уалагазар, ааныжьра ахьыҟамло ауп. Убри аҟнытә иззынамгӡо даламгароуп.

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаАӡатәра иазку ажә
Ирахәымшхарц азы ирӡатәуан: Ашьа Дбарԥҳа-Жьиба ажә шырныҳәоз еиҭалҳәеит - Sputnik Аҧсны
Аӡатәра иазку ажә

Ажә ҿыц ианхьалак, аԥсуаа ахш цқьахеит ҳәа ахԥатәи амш аҽны иныҳәаны акәын анаҩс ахшлых агьама абара ианалагоз.

"Аҩнԥҳәыс ашьыжь ицқьахаз ахш ала аманка қашь луеит. Ажәытәӡан ашыла иалырхуан, ачуан хәыҷ аԥсуа мца иахаргыланы. Ианааилашлак амшьҭа уҟәыҭхазааит ҳәа кәицқәак аладыршәуан. Иахьа агаз аҿы изуа, асԥычка ицқьоу аган былны иаларҵоит. Ашьҭахь ажә ныҳәаны, ақашь агьама лбоит, лара лаамышьҭахь иҿыхогьы ирҿалҵоит. Алаԥшцәгьа иацәылхьчоит ҳәа ажә аҵыхәеи, атәыҩеи ацаха ҟаԥшь алыркуеит, аӷаацгьы ахәда иакәлыршоит", - арахә шырныҳәоз далацәажәоит аԥҳәыс бырг.

Ҿыц ихьаз ажә иатәу ахшаалыҵқәа 40 мшы аҩны идәылугар ҟалаӡом. Насгьы ахшхырҵәы аџьыкҵәаҵәа акьурсыр ҵасымызт.

Ажәытәуаа разгәаҭарақәа даара аинтерес рыҵоуп, раԥхьа агәра узымгозаргьы, наҟ-наҟ зегь акоуп ишҵабыргу еилукаауеит.

Ажә анхьалак, аԥшәма раԥхьаӡакәны аӷаац ԥшқа баны, ибжьы ҭыганы, дгәырӷьо ицәаныррақәа ааирԥшыр, уи алеишәа бааԥсхоит рҳәоит. Ус шакәу хаҭала агәра згахьеит. Ҳан лгәырӷьабжь амшала, ҳаныхәыҷқәаз ҳацәҵыс ашҭа ҳҭанаҵомызт, иҩуа иҳашьҭалон.

Аҭәҳәаҟаҵаҩ Лариса Саӷариаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Аҭәҳәаҟаҵаҩ Лариса Саӷариаԥҳа: аҭәҳәа аҳақьым ицхыраара иаҩсуеит

Ашьа Дбарԥҳа–Жьиба илҳәеит, арахә ӷәӷәала алаԥш шраахо, аиҳарак ҿыц ихьаз ажә.

"Ажә ачыргә дуны ианырбалак, дхаҵоума, дыԥҳәысума, дара ирҭахымзаргьы рылаԥш аахар ауеит. Усҟан, ажә ахш маҷны иамҵуеит, аҳәыс аҵнацоит, ма аԥшәма ааигәара днанашьҭуам ҳәа иҵыгьуа иалагоит. Абарҭ зегьы, амшьҭа иҟанаҵеит ҳәа, аҭәҳәаҩы илышьҭалоит. Ианаамҭоу уацхраар, арахә шьақәгылоит. Хырҩа аумҭар иудлаӡом, иумоугьы умпыҵыӡӡаауеит", - лажәа иацылҵоит лара.

Иахьа, ас еиԥш иҟоу акәамаҵамақәа азгәазҭо аҳәса зынӡа имаҷҩуп. Ажә анхьалак, ахш цқьахеит ҳәа џьоукы ныҳәозаргьы, аӡатәра рхашҭхьеит уҳәар алшоит.

"Иаҳзымдыруа ҳаҭаимҵааит, ҳгаӡара ҳахимырҟьааит" ҳәауа, аԥҳәыс бырг Ашьа Дбарԥҳа–Жьиба икаҳажьуа ҳҵасқәеи ҳқьабзқәеи дрызхьаауеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0