50-ҩык Аԥсны атәылауаа Қырҭтәылантә ихынҳәит

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПограничный пункт "Ингур" в Гальском районе Абхазии
Пограничный пункт Ингур в Гальском районе Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсныҟа ихынҳәуа аҳәааҿы ирԥылоит аҳазалхратәи аҳәаахьчаратәи маҵзурақәа, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра, Аԥсны АЕС русзуҩцәа, Галтәи ахәышәтәырҭа аҳақьымцәа.

АҞӘА, лаҵара 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Лаҵара 26 рзы Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа ихынҳәит 51-ҩык ҳтәылауаа ҳәа лҳәоит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

"Ауаа ареспубликахь рҭалара ҭышәынтәаланы имҩаԥысуеит. Аԥхьа дара ирԥылоит Галтәи ахәышәтәырҭа аҳақьымцәа. Урҭ игәарҭоит иаауа ауаа авирусчымазара аҟазшьақәа рымоу ирымаму. Абри ашьҭахь ауп аҳәаа ахысразы ихымԥадатәиу апроцедурақәа ианрыхрыжьуа", - ҳәа лҳәоит Скорик.

Лара илҳәеит иахысуа реиҳараҩык асабардақәа рҿоуп, анапҭарԥақәа рымӷоуп ҳәа. Урҭқәа змам амедицинатә усзуҩцәа ирырҭоит. Аҟазауаа абиоматериал ргоит аҟәатәи алабораториаҿы анализ азуразы.

Архивное фото пограничного пункта Ингур в Галском районе - Sputnik Аҧсны
Ҳтәылауаа Қырҭтәыла рҽыхәышәтәра ашьҭахь Аԥсныҟа ихынҳәыр ҟалоит

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Қырҭтәылантәи иаауа зегьы ашәҟәы иҭаргалоит. Дара рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Гал араион аиԥш Очамчыра, Тҟәарчал руааԥсыра. Амилициауаа дара ахьҭаҩуи иахьынхаҵәҟьо рҭыӡҭыԥқәеи шьақәдыргылоит.

Зегьы рнапаҿы идрдыркуеит ахымҩаԥгашьазы аԥҟаррақәа рышәҟәы. Атәылауаа рхымҩаԥгашьа иашьклаԥшлоит аинспекторцәа.

Скорик лажәақәа рыла, Аԥсны атәылауаа Қырҭтәылантәи рырхынҳәра азҵаара иалацәажәан атәыла анапхгара рҿы. Арҭ ауаа ҩымз рыҩныҵҟа агәыларатә ҳәынҭқарра аҵакыраҿы иаанханы иҟан, рфинанстә ҭагылазаашьа уадаҩын.

Скорик иара убасгьы илҳәеит дара зегьы амедицинатә цхыраара аиуразы шакәмыз уа ишыҟаз. Иҟан зыуа-зҭахы дыԥсны ицаз, мамзаргьы хатә усқәак рзы иҟаз. Аҳәаа анадыркы ашьҭахь урҭ уа иаанхеит.

"Ииашаҵәҟьаны ауаа рматериалтә ҭагылазаашьа акыр иуадаҩын. Аԥхьа иҳәан ҽыхәышәтәра иҟаз мацара аашьҭтәуп ҳәа, аха нас асеиԥштәи аӡбра ҳадаҳкылеит", - ҳәа лҳәеит асанитартә ҳақьым.

Апандемиа аамҭала Аԥсны акоронавирус рыман 28-ҩык. Урҭ рҟынтәи жәохәҩык ргәабзиара ҭышәынтәалеит, аӡәы дыԥсит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0