Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭыжәԥҳа ахәыҷқәа рзы онлаин-қәыргыламҭа арбара иазкны: ргәы аҟаҵара ҳашьҭоуп

© Foto / предоставлено Шаридой ТужбаШарида Тужба
Шарида Тужба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷқәа жәларбжьаратәи рымш аҽны Аԥсуа драматә театра ахәыҷқәа рзы еиҿнакааит онлаин-спектакль арбара, абри атәы лҳәеит амассатә-информациатә хархәагақәеи ауаажәларреи рымадаразы Аԥсуа драматә театр адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Шьарида Ҭыжәԥҳа.
Ҭыжәԥҳа ахәыҷқәа рзы онлаин-қәыргыламҭа арбара иазкны: ргәы аҟаҵара ҳашьҭоуп

"Акарантин аамҭа ыҟоуижьҭеи излаҳалшо ала аус аауеит, ҳахәаԥшыҩцәа ргәы ҟаҳҵарц ҳҭахуп. Онлаин аформат ала аус аауеит. Иазыӡбан ахәыҷқәа рымш аҽны идҳарбарц ҩ-спектакльк, "Лабаҷашьи" "Ҷыҟәрышәи". Арҭ ақәыргыламҭақәа даара азҿлымҳара рыман, 15-нтә идҳарбеит, азал зегьы ауаа рыла иҭәын. "Ҷыҟәрышә" – ахәыҷқәеи адуцәеи еизеиԥшны иргәаԥхоит. Абзиабара иазкуп. "Лабаҷашь" акәзар, уа ихәмаруеит атеатралтә студиа "Нарҭ" аҵаҩцәа. Ари ақәыргыламҭа иахәаԥшыр зҭахыз зегьы ирылымшеит, фынтә идҳарбеит, аха еиҭа агәаҳәара змоу ыҟоуп. Зегьы иргәаԥхоит, уажәы избогьы иргәаԥхап ҳәа сақәгәыгуеит. Иҟаҳҵоит ишиашоу ицо аефир YouTube канал аҿы Аԥсуа театр аҟынтә. Қәыргыламҭак ҟалоит асааҭ 12:00 рзы, егьы ахәылбыҽха асааҭ 19:00 рзы. Ахәыҷқәа шьҭалаанӡа ргәы ҟаҳҵарц ҳашьҭоуп", - ҳәа азгәалҭеит Ҭыжәԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0