Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡԥҳа Еиду аштатқәа рҟны ишьақәгылаз аҭагылазаашьазы: уацәшәаратәы избом

© Foto / предоставлено Ларисой АвидзбаЛариса Авидзба
Лариса Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
25 шықәса инареиҳаны Ниу-Иорк инхо ҳџьынџьуаҩ Лариса Аҩӡԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Еиду Америкатәи аштатқәа рҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу, уи дшазыҟоу атәы.
Аҩӡԥҳа Еиду аштатқәа рҟны ишьақәгылаз аҭагылазаашьазы: уацәшәаратәы избом

Еиду Америкатәи аштатқәа рҟны мчыбжьык ҵуеит аҿагыларатә қәгыларақәа цоижьҭеи. Аполициа аусзуҩцәа Миннеаполис афроамерикауаҩ Џьорџь Флоид даныршь, аԥхьа аҭынчратә ҟазшьа змаз ақәгыларақәа цон, анаҩс аимҵәара, аидысларақәа рахь икылсит жәабала ақалақь дуқәа рҟны. Урҭ рыбжьара иҟоуп Америкатәи аштатқәа раҳҭнықалақь Вашингтонгьы, иара убас Ниу-Иорк ақалақь.

"Иахьа Америка иҟоу аҭагылазаашьа, сара сахьахәаԥшуа ала, уацәшәартә иҟам. Ииашоуп, амилициа аусзуҩ даара агха ҟаиҵеит. Азакәан ала уи ауаҩы дидгыланы дихьчозароуп, ихаразар - азакәан ала дизныҟәароуп. Уи иахҟьаны аҿарацәа аҿагыларатә қәгыларақәа ирылагеит, аха иахадырҟьацәеит. Урҭқәа зхароу рыԥшаауеит, азакәан инақәыршәаны ирызныҟәоит. Сара сахьахәаԥшуа, ари хара инеиуа усым, иааныркылоит. Сгәаанагарала, ари аҭагылазаашьа аполитика адҳәалара аҭахым, аҿар аҩны итәан мызкы-ҩымз, адреналин рхы иасын ирбалак ҟаҵо идәықәлеит. Изхароу зегьы азакәан ала ирызныҟәоит", - лҳәеит Аҩӡԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0