Акоронавирус азы даҽа 23-ҩык гәарҭеит Аԥсны

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТест-системы для диагностики нового коронавируса
Тест-системы для диагностики нового коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирустә инфекциазы атестқәа рхыжьра ашьҭахь иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла ари ачымазара ҿкы ҿыц излоу ҳәа аӡәгьы дшыҟам шьақәырӷәӷәан.

АҞӘА, рашәара 5 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциа рылоу ирыламу агәаҭаразы атестқәа ирхыжьын 23-ҩык Аԥсны атәылауаа, урҭ рахьтә аӡәгьы акоронавирус адиагноз аӡәгьы изышьақәыргыламызт, абри атәы аанацҳауеит COVID-19 ауааԥсыра рацәыхьчаразы Аԥсны аоперативтә штаб.

Зынӡа апандемиа ааҟалеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус рыхьхьеит 35-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә иахьатәи аамҭазы акоронавирус рыланы Гәдоуҭатәи ахәышәтәрҭаҿы ишьҭоуп быжьҩык ачымазцәа, 27-ҩык гәы бзиахахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Раԥхьаӡа акәны Аԥсны акоронавирус мшаԥымзазы ирыхьит Гагра атәылауаа хҩык, лаҵарамзазы Урыстәылантәи ихынҳәыз аԥсуа курсантцәеи иара убас Москвантәии Шәачантәии ихынҳәыз ҳтәылауааки ирыдбалан COVID-19. 

Даҽа быжьҩык акоронавирус рыдбалан рашәара 3 рзы.

Адунеи зегь аҿы акоронавирус рыхьхьеит 6 миллионҩык инареиҳаны ауааԥсыра, Урыстәыла иазгәаҭоуп 400 нызқь инареиҳаны ачымазцәа.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0