Агәабзиарахьчара аминистрра: 700-ҩык акьыба змоу ҳтәылауаа атерапиа иазыԥшуп

© Sputnik / Томас ТхайцукОнкоцентр в Сухуме
Онкоцентр в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥыза-министр Александр Анқәаб аилатәара мҩаԥигеит акьыбачымазара змоу ҳтәылауаа хәшәыла реиқәыршәара азҵаарақәа рзы.

АҞӘА, рашәара 11 - Sputnik. 700-ҩык акьыба змоу ҳтәылауаа рчымазара хызҽуа атерапиа иазыԥшуп ҳәа иҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

Александр Анкваб - Sputnik Аҧсны
Анқәаб ареспублика ауааԥсыра хәшәыла реиқәыршәара азҵаара далацәажәеит

Ҵахнакьиа иажәақәа рыла, ачымазцәа хәыда-ԥсада ацентр аҿы ирхәышәтәуеит, ахәшәқәа аанагоит АУН "Аԥсныфармациа" хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса аԥарақәа рыла. Афонд имҩаԥнагоит апрограмма ахимиотерапиатә препаратқәа рыла аиқәыршәаразы. Ашықәс аҩныҵҟа 30 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аԥсны хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса аиҳабы Валентина Жьиԥҳа лажәақәа рыла, акарантинтә уснагӡатәқәа ирхырҟьаны аԥаралагалақәа акыр илаҟәуп. Убри аан ачымазцәа ирыцлеит избанзар уаанӡа аҳәаанырцә зҽызхәышәтәуаз уажәы аҳәаа иахысуам, урҭгьы ара хәшәыла еиқәыршәатәуп.

"Афонд 10 миллион мааҭ рҟынӡа иаиураны иҟаз аԥара амоуит", – лҳәеит лара. 2020 шықәса рзы Афонд 16 миллион 585 нызқь мааҭ рыхә ахәшә аанахәахьеит.

Убри аан Афонд "Аԥсныфармациа" аҿаԥхьа 8 миллионки 300 нызқьи мааҭ ауал ақәуп.

Александр Анқәаб Ҭамаз Ҵахнакьиеи Рустам Адлеибеи рнапы ианиҵеит аамҭа мгакәа ахәшәқәа раагара еиҿыркаарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0