Исхамшҭуа, аԥхарра зхылҵуа амшқəа...

© Foto / Сырма АшубаСырма Ашуба
Сырма Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Раԥхьаӡа акəны Ҭырқəтəылаҟа лцареи, Аԥсуа телехəаԥшраҿы авторс дызмаз ҳџьынџьуаа ирызкыз адырраҭара "Агəыӷра" аиреи ртəы еиҭалҳәеит ажурналист Сырма Ашəԥҳа ланҵамҭаҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Журналистк лаҳасабала Аҧсуа телерадиоеилахəыраҿы аус зуеижьҭеи хəышықəса ҵуан. Хəышықəса рыҩныҵҟа имаҷҩымызт сзыҿцəажəахьаз, анҵамҭақəа ззыскхьаз ҳџьынџьуаа. Дара исарҳəоз акакəын: "Сырма, банҵамҭақəа гəылырҭəааны иҟаларц бҭахызар, хаҭала бырҭаароуп, иббароуп, бцар ауп Ҭырқəтəылаҟа", – ҳəа.

Иульқьиу Ашәԥҳа - Sputnik Аҧсны
Иульқьиу Ашәԥҳа: Аԥсны шәҭык ахы ланарҟәыр Ҭырқәтәыла ҳахьыҟоу иаҳныруеит

Ииашаҵəҟьаны, абри еснагь сыхшыҩ аҟны аҭыԥ аман, акырӡа исҭахын ҳашьцəа ахьынхоз рҭаара, иныҟəырго аԥсуара абара, рынхара-рынҵыра, рыбзазашьа уҳəа. Ауаҩытəыҩса игəыӷрақəа аниқəманшəалахо иаҩызахеит 2005 шықəса абҵарамзазы, раԥхьаӡа акəны Ҭырқəтəылаҟа сцара. Усҟан атехника ахархəагақəа рыла ус еиԥш имариамызт аимадара ашьақəыргылара, аҭелқəа уажəеиԥш аус руамызт, аиҭанеиааирақəа ракəзаргьы убас. Исыӡбеит исоуаз суалафахəы мызқəак иааизганы, схатə харџьала аҳаирплан абилеҭ аахəаны сцаҵəҟьарц. Аха сыгəҭакы сыраргамомызт, сҭаацəагьы ирасымҳəацызт. Ус иаасыдгылеит уи аамҭа. Иаԥшьызгаз аус ахы арманшəалеит. Изгəаӷьит усҟан Аԥсуа телерадиоеилахəыра хантəаҩыс иамаз Гəырам Артиом-иԥа Амқəаб иаҳəара.

Иахьеиԥш исгəалашəоит уи амш, сеиҳаби сареи ҳаицəажəара. Гəырам Артиом-иԥа ауада дааҩныҵуан еиҧш ашə снасны сныҩналеит. Азныказы сызлалагарагьы сзымдырит, сааиҿаԥшын ус иасҳəеит: "Сҭаацəа азин сырҭеит, (сҭаацəа ирасымҳəацызт аха...) уажəшьҭа шəара шəақəшаҳаҭхар, Ҭырқəтəылаҟа аԥсуаа ахьынхо аҭыԥқəа сырҭаарц сҭахуп, сымҩақьыразы хыхь шəысҭом, мап сцəышəымкын". Иаҳаз азныказы иааџьеишьеит, нас "Бзыццода, захь бцода, уахь аӡəыр идыруама?" – иҳəеит. Изеиҭасҳəеит аелектронтə еимадара ахархəарала ашəҟəқəа шҳабжьаз Ергиун Леиԥҳаи сареи, урҭ сашьцəа Ашəаа ахабар рылҭараны дшыҟаз. Аха еилкааҵəҟьаны исыздыруамызт сымҩа ахы акраны ишыҟаз. Сажəа ҩбамтəкəа, усҟан арепатриациазы аҳəынҭқарратə еилакы напхара азҭоз Анзор Мықəба дизасит, изеиҭеиҳəеит сыгəҭакы. Анзор Мықəба иакəзар, Аԥсны ахьӡала Ҭырқəтəыла хаҭарнакс иҟаз Владимир Џьамал-иԥа Аҩӡба иҽимеидеит, иеиҳəеит Аԥснынтə ажурналист днеираны дшыҟаз, хықəкысгьы сҿаҧхьа иқəгылаз.

Ажəакала, Ҭырқəтəыла инхоз Ашəаа сыӡбахə рзеиҭарҳəеит. Уажəшьҭа иаҭахыз агəаӷьра акəын. Сҭаацəагьы хыԥсыра рзаазгазаргьы, ааи дсырҳəеит, ргəы сырҭынчит Ҭырқəтəылаҟа сныҟəара аҳəынҭқарратə ҟазшьа шамаз ала.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Еигәныҩыз аижәлантәқәа

Сымҩа ахарџь Аԥсуа телерадиоеилахəыра ахахьы иагеит, саргьы џьыба ԥара хəыҷқəак ахьсымаз сгəы аӷəӷəахеит. Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра ашьҭахь аҳəаа сахымсыцызт, Ҭырқəтəылаҟа ацара акəым. Иагьсыздыруамызт аҳаиртə баӷəаза ахьыҟазгьы. Аха, агəаԥхара ануоулак лыԥхала умҩа аатуазар акəхап.

Арадио аҿы аус злазуаз адиктофони абатареиақəеи ракəын маҭəахəыс исыцыз. Агəаҭарақəа зегьы сырхысны сынҭалеит аҳаирплан. Гəаныла схала схы сазҵаауан: "Сабацо, исԥылода?" – ҳəа, шəарак сыцын уеизгьы. Сҭамԥылтəи аҳаиртə баӷəаза аура-аҭбаара заҟа идуу жəдыруеит ицахьоу, избахьоу, акыр исзымбатəбарахеит. Арахь абызшəа сыздыруам, акы еилыскаарц сҭаххаргьы аӡəгьы исызиаҳəом. Изулакгьы аҭыҵырҭа ԥшааны, миллионла еилаҩеиласуаз ауаа снарылҵит. Исзыԥшны игылан сашьцəа Ашəаа, ишысзымдыруазгьы дара шракəыз еилыскааит. Саргьы сеимдо шьоукы сышрышьҭаз анырба, "Сырма боума?" – ҳəа рыбжьы сықəдыргеит. Ԥхыӡзу лабҿабазу сзеилыргомызт, иара абыржəгьы сгəалашəарақəа ранҵара сахьаҿу лакəҵас исзааиуеит. Урҭқəа зегьы ажəала аиҭагара сылшом. Ҳхаҭарнакра ашҟа срыманы ицеит Владимир Џьамал-иԥа ишҟа, сыззаазгьы насҳəеит. Ҳаԥсы маҷк иааиҭаҳкын, саҳəшьа Нураи Ашəԥҳа иаразнак лнапқəа насыкəлыршеит, аҩныҟагы слыманы дцеит.

Уи нахыс мызктəи сымшқəа рымҩасшьа џьашьатəыҵəҟьоуп. Адгылара сырҭеит ҳџьынџьуаа, рыхьӡқəа налкааны исҳəар аӡə дысцəыбжьахар ҳəа сшəоит. Илҳан Кəаӡба, Таифун Ашəба, Бедиз Кəарацхьелиаԥҳа, зҿы сынхоз-сынҵуаз Феҳми Ашəба иҭаацəара уҳəа ирацəаҩуп гəыблыла исгəаласыршəаша, урҭ зегьы хаҭа-хаҭала рҿаԥхьа схырхəаны ҭабуп ҳəа засҳəаша роуп еснагь.

Ҭырқəтəыла аԥсуа қыҭақəа рыла иалагеит сныҟəарақəа, Илҳан Кəаӡба авидеокамера хəыҷык сзыиԥшааит, аха уи ала аҭыхшьа сыздыруамызт. Ари аус аҟны сҿылхит Нураи Ашəԥҳа, лхаҭа ахааназы авидеокамера лнапы ишалмыркыцызгьы, хатəгəаԥхаралатəи аҭыхрақəа лықəҿиеит.

Ус мчыбжьык ааҵуаны еиԥш, Гəырам Артиом-иԥа аҭел сизасит, иасҳəеит сааижьҭеи Сҭамԥыл абла аҭаԥшразы аамҭа шысмоуц, ҳџьынџьуааи сареи ҳаиҿцəажəарақəеи аҭыхымҭақəеи сшырҿу. Исабжьигеит сусура злашьақəсыргылашаз аплан, иҟасҵашаз изушаз, уи хымԥада акыр сарманшəалеит. Сгəазхара исызбомызт, сгəазхара сызрацəажəомызт аԥсуаа. Ахааназы исхашҭраны сыҟоума аԥсуа қыҭақəа рхаҿра, ахааназгьы исхашҭраны сыҟоума сашьцəа исыдырҵаз аԥхарра, еицакхараны иҟоума урҭ ирхылҵуаз агəыбылра?!

Ҽнак, Ҭырқəтəыла иҟоу Џьгьарда ақыҭахь амҩа ҳақəлеит Сҭамԥылынтəи. Аҭыхрақəа мҩаԥызгоз саҳəшьа Нураи Ашəԥҳа ус салҳəеит: "Аҭырқəа қыҭеи аԥсуа қыҭеи бзеиҩдыраауазар ҳбап", – ҳəа. Еиҩымдыраашьас иҟоузеи?.. Аԥсуа қыҭа, аԥсуа гəараҭа аԥшӡара иакны иагоит, уахьынаԥшаааԥшуа зехьынџьара аԥсуа цəа рыҟəнуп. Рынхара-рынҵыра, рысасдкылашьа, руҭра-рсыҭра, рырахə-рышəахə, абар Аԥсны сыҟаҵəҟьазшəа схы ахьызбаз. Шаҟа ҭоурых, шаҟа жəабжь сзеиҭарҳəазеи сеиҳабацəа, аҭырқəа ҳəынҭқарраҿы шаҟа ирацəаҩузеи зыхьӡ нагоу аԥсуаа, урҭқəа шаҟа гəыблыла исыдыскылазеи. Ашьыжь ашацкыра иацгылоз амра ахьҭашəазгьы ҳбомызт, аамҭа ҳазхомызт, ахəлара иҳамнахыр ҳəа ҳшəон.

Сырма Ашәԥҳа - Sputnik Аҧсны
Сырма Ашәԥҳа: атәым дгьыл аҿы уаныҟоу уԥсадгьыл аҵакы закәыҵәҟьоу еилукаауеит

Сҭамԥыл, Адаԥазар, Измиҭ, Анкара уҳəа акыр аныҟəарақəа хацҳаркит, аԥсуаа рхеидкылақəа ҳарҭааит, аиҳабацəа аиҵбацəа аӡəырҩы ҳрацəажəеит. Урҭ зегьы знысҵоз скассетақəа акыр срыхӡыӡаауан, исымаз сшəыраҿы амаҭəақəа ирылаҳəаны исҵəахуан кьыск рмоурц азы.

Шаҟа мшы, шаҟа ҵхы, шаҟа гəырӷьара – урҭқəа зегьы анаасгəалашəо свидеонҵамҭақəа аацəырызгоит, ҩаԥхьа сырзыхынҳəуеит урҭ амшқəа, урҭ асааҭқəа, урҭқəа зегьы еидызкылоз иџьашьахəыз аамҭа, сыԥсҭазаараҿы цəаҳəа ҟаԥшьны иргəылсуа урҭ ахҭысқəа. Ирацəоуп сыхшыҩ аҟны ицəырҵуа агəалашəарақəа, исҭахуп зегьы еидкыланы ақьаад ианысҵарц, аха иалҵуам, избанзар урҭ зегьы дара рхатə ԥсы рхоуп, рхатə знеишьа рымоуп, ус анакəха рхатə аамҭа рзалхтəуп, ус еиԥш сазнеиуеит.

Исгəалашəоит ҽнак, Сҭамԥылынтəи Анкараҟа ицоз автобус сақəдыртəеит сџьынџьуаа, Аԥсни Ҭырқəтəылеи реимадара аус аҟны акыр аџьа збахьоу Бедиз Кəарацхьелиаԥҳа дысԥылараны дшыҟаз сарҳəеит, заа аҭел иасны иларҳəахьан снеираны сшыҟаз. Аанҿасырҭаҿы дысзыԥшын усҟан зыӡбахə ада сзымдыруаз, анаҩс анык лаҳасаб ала исзыҟалаз Бедиз Кəарцхьелиаԥҳа. Автобус сшааҭыҵəҟьаз еиԥш сылгəыдлыҳəҳəалеит: "ибгəаӷьызеи схəыҷы, бхала Аԥснынтə аара шԥабылбыршеи?" – ҳəа насалҳəеит. Мчыбжьык ари аԥҳəыс ԥшӡа слысасын. Лыҩны ашə ҳаннадгыла избаз аасзымбатəбарахеит, Аԥсуа бираҟ кнаҳауп, ашə ҟьаҟьаӡа иаартуп. Ааи, Анкара ақалақь агəҭа, аҩны ашə аартны. Ашьҭахь еилыскааит уи мзызс иамз, Аԥснынтə аҵара зҵоз астудентцəа рзы акəын, уа тəарҭас-гыларҭас ирыман, зегьы анык лаҳасабала дырзыҟан. Иара убраҟа ҳаибадырит Баграт Шьынқəба имоҭеи сареи, аурыс цҳаражəҳəарҭаҿы аус иуан, ҳаибадырит иара убас аԥсуа студентцəеи сареи.

Абхазский долгожитель - Sputnik Аҧсны
"Данаҟаи даауеит": Аԥсни Ҭырқәтәылеи еицырдыруа Ашәы Данаҟаи иҭоурыхқәа

Бедиз Кəарацхьелиаԥҳа илыбзоураны ирацəоуп Анкара имҩаԥызгаз аҭыхрақəа. Қьемал Аҭаҭиурк имавзолеи аҟны аҭыхрақəа рзин шыҟамлозгьы, инцəыҵакны иҭаҳхқəазгьы ыҟоуп. Исзеиҭалҳəеит Владислав Арӡынба ари аҭыԥ данаҭааз атəгьы, ислырбеит афотосахьақəа. Амшқəа цон, иааигəахон Аԥсныҟа сызқəылараны иҟаз аамҭа. Ииашаны иазгəасҭоит, срылҵны аара сҭахӡамызт, агəаҳəара сыман сызхьымӡаз ахарҭəаара, аха уи азы иаҭахуп ашықəсқəа, нҵəара зқəым амшқəа. Шаҟа ҭоурых ҭҵаамзеи, шаҟаҩ абыргцəа рҿахəы рҿымхкəа рдунеи рыԥсаххьоузеи, шаҟаҩгьы анҵамҭақəа рызктəузеи? Ҳазҭагылоу аамҭа шаҟа ҭакԥхықəра ҳаднҵозеи?

Ҭаацəак реиԥш исзыҟалаз, сыздызкылаз сашьцəа рылҵра сцəыуадаҩхеит. Нураи Иульқьуи Ашəԥҳацəа анрагьы аиаҳəшьарагьы сзыруит, урҭ раб шəышықəса ирзааигəоу Феҳми Ашəба иажəабжьқəа лассы-лассы иаацəырганы еиҭасҳəалоит, Данаҟаи Ашəба ихьӡыртəрақəа рыла сналагоит.

Аԥсныҟа амҩа сықəлараны саныҟаз ауха аӡəгьы ҳмыцəеит, аҵх ԥаҳҽит. Аҭаацəа реиҳабы ус саиҳəеит: "Схəыҷы, ибҳақзар иҵегьы баара быҟоуп, бгəыбылра ҳаркны ҳаԥсадгьыл ахь амҩа бықəлеит. Бахьнеиуа аиҳабацəа рнапқəа брыгəӡы, аиҵбацəа рылақəа ҳазгəыдкыл. Аԥсны ԥшӡа афҩы хаа ҳзаабгеит, Аллаҳ дыбзыразхааит!.." Абас ҵыхəаԥҵəара амамызт ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь иаарышьҭуаз асаламқəа.

Шəача аҳаиртə баӷəазаҿы итəеит Аԥсныҟа саазгоз аҳаирплан. Аҳəааҿы акыраамҭа сааныркылеит аҳəаахьчаҩцəа, иазҵаауан амаҭəақəа иргəылаҵəахны иаазгоз акассетақəа закəыз, ирныз, сахьыҟаз, сызцаз, ус еиԥш зҵаара шəкы. Сыԥсы сыманы снарыдҵит, аҳəаа сахысны Аԥсныдгьыл сшьапы аннықəсыргыла, исҭаххеит адгьыл сҽықəыжьны исгəыдсыҳəҳəаларц, убасҟан ауп ианеилыскааҵəҟьаз Аԥсадгьыл иаҟəыгоу ихьаа закəу, адгьыл аҳақ шаҟа иӷəӷəоу.

Акыраамҭа сыбла ихыҵуамызт Ҭырқəтəыла сзықəшəаз аԥсуаа рхаҿсахьақəа, иреиԥхнысшьалоз ауаа саԥхьа иаацəырҵуазшəа збон. Ари ԥхыӡмызт, ари лабҿаба сзықəшəаз ауп. Ҭырқəтəылатəи сныҟəарақəа ртəы зҳəоз ателехəаԥшратə дырраҭара "Агəыӷра" абас ауп ишиз, анаҩс уи амҽхак аҽарҭбааит, 15 шықəса инеиԥынкыланы есхəаша аефирахь ицəырҵуан, сгəы зызхьаауа " Агəыӷра".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0