Гагра аӡы анашьҭра амш аҩныҵҟала еиҿкаахоит

© Sputnik / Константин Чалабов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСезонное отключение воды в Великом Новгороде
Сезонное отключение воды в Великом Новгороде - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡыҭгагатә станциаҿ авариа иҟалаз иахҟьаны Гагра ақалақь ауааԥсыра хымш ҵуеит ӡыда иҟоуижьҭеи. Гагратәи аӡыканал аусзуҩцәа рыбригада аусурақәа мҩаԥыргоит.

АҞӘА, рашәара 25 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Гагра ақалақь аҿы аӡы анашьҭра амш аҩныҵҟала еиҿкаахоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гагра аӡыканал аиҳабы Беслан Цыгәба.

Аӡыҭгагатә станциаҿ авариа иҟалаз иахҟьаны Гагра ақалақь ауааԥсыра хымш ҵуеит ӡыда иҟоуижьҭеи.

"Ипроблемахаз аӡыҭгагатә станциақәа рҿы арезерв ықәгылаӡам. Иҟоугьы ажәхьеит. Лассы-лассы иԥхасҭахоит. Арезерв аныҟоу акы аҽакала иуԥсахуеит", - ҳәа иҳәеит Цыгәба.

Гагра аӡыканал аиҳабы Беслан Цыгәба иазгәеиҭеит ҵыԥх ишазыԥхьагәаҭаз арезервтә ӡыҭгагақәа раахәара, аха "ареспубликеи ақалақьи аԥара рымамзаара иахҟьаны" атехника аахәамызт.

Цыгәба иҳәеит апроблема шыҟац ишаанхо аӡымҩангага ҿыц ахархәарахь ирырҭаанӡа мамзаргьы арезервтә ӡыҭгагақәа аархәаанӡа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0