Инна Бенделиани: сабду Леуант Қәинаӡеи Спирдон Адлеибеи аиашьара шрыбжьарҵаз

© Foto / Саида ЖибаИнна Бенделиани
Инна Бенделиани - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥсыуаҵас аиашьара анрыбжьарҵоз ахҭысқәа маҷмызт, иахьагьы иныҟәызго рацәаҩымзаргьы, иҟоуп. Уи аҵак дуи аҭакԥхықәреи ацуп. Цандрыԥшьтәи абжьаратә школ №2 аҿы акыр шықәса аус зуаз, ауаажәларратә усзуҩ Инна Бенделиани еиҭалҳәеит лабду аиашьа дыширҳаз иадҳәалоу аҭоурых.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аамҭала Дал ыҵзырцәажәаауаз, унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәоз аԥсуа хаҵа Леуант Хҭыжә-иԥа Қәинаӡе иуаажәлар деицырдыруан ииашареи иҟазшьа џьбареи рыла. Усҟан азакәан ӷәӷәала аус ауан азы, баша абџьар узныҟәгомызт, аха Леуант кьарахәда аӡәгьы ихаҿы дизаагомызт. Алеишәа ҷыда змаз аԥсуа хаҵа абџьар ицымкәа шьаҿак ҟаиҵомызт.

Дбар–Ҭаниа Рита - Sputnik Аҧсны
Зегь раасҭа ицқьоу, иԥшьоу, ишкәакәоу: "ахш зыбжьоу", мамзаргьы "акыкацҳара"

Леуант Хҭыжә-иԥа инхара-инҵыра уаҩ даҵашьыцратә иҟан. Иԥстәы, иԥсаатә, ишьхымзақәа уҳәа зегь рыла дбарақьаҭын. Инхамҩа аныҟәгара аусзуҩцәа азкын.

"Сабду иабшьҭра амҳаџьырра зхыганы иаақәаз иреиуоуп. Дара Далтәқәан, Ҭырқәтәылантәи ианыхынҳә аамҭакы Тҟәарчал инхеит, анаҩс Далҟа ицеит. Сара иахьынӡаздыруа, ари ақырҭуа жәла Қәинаӡе ишьҭырхыз ауп, рыԥсуа жәла хаҭа ԥсахуп иҟалахьаз машәырқәак ирхырҟьаны", - еиҭалҳәоит амоҭа Инна Бенделиани.

1948 шықәсазы Леуант Қәинаӡе дақәшәоит наӡаӡа иԥсҭазаара зыԥсахуа ахҭыс.

© Foto / Саида ЖибаЛеуант Қәинаӡе
Инна Бенделиани: сабду Леуант Қәинаӡеи Спирдон Адлеибеи аиашьара шрыбжьарҵаз - Sputnik Аҧсны
Леуант Қәинаӡе

Уахык зны ԥсрак аҟынтә дшаауаз, Леуант абнараҟынтә "шәсыцхраа" ҳәа хаҵабжьык иаҳаит.

Дааҽыжәҵны, аӷызбжьы ахьгоз днеизар, ԥшьҩык ахацәа ахаҳә дуқәа рыла аӡәы дыршьырц ихәахәара иаҿын. "Шәнапы шәҩах" ҳәа дышрықәҟаазгьы, хьаас дымкыкәа, иара иганахьгьы аршәра ианалага иҽы иаахеит, нас ажәҩан ахь дымхысыр амуит. Уигьы анамыхәа, руаӡәы ишьапы деихсит. Убасҟан ауп ацәгьоуцәа ихәыз рҩыза дрыманы рыҽӡаны ианца. Леуант ааха ӷәӷәа зырҭаз иеиқәырхара иҽазишәеит азы, егьырҭ дырхьымӡеит.

Анаҩс еилкаахеит дара шақырҭцәаз, Жәыргьыҭҟа иқәҵны ишцаз. Леуант ахаҵа иҽы ахәда дықәҵаны, Тҟәарчал дахьынхоз ҭҵааны, аҩныҟа дигеит. Иара д-Адлеибан, Спирдон ихьӡын.

© Foto / Саида ЖибаСпирдон Адлеиба
Инна Бенделиани: сабду Леуант Қәинаӡеи Спирдон Адлеибеи аиашьара шрыбжьарҵаз - Sputnik Аҧсны
Спирдон Адлеиба

"Сабду Спирдон Адлеиба аҩны данаанижь, "сеиқәырхаҩ, уазусҭада" ҳәа аарлаҳәа ибжьы ҭганы даниазҵаа, "уҽыхәшәтәы, уи нас еилукаап" ҳәа иаҳәаны, ашҭа дынҭыҵит. Спирдон амал змаз уаҩын, уи ауп дызхдырҟьаз ацәгьахәыццәагьы", - лажәа иацылҵоит Инна Бенделиани.

Ҩымчыбжь ааҵуаны, Хҭыжә Қәинаӡе Тҟәарчал дахьынхоз игәараҭахь Адлеиаа рҟынтә аҽцәа неит. Аброума Леуант Қәинаӡе дахьынхо ҳәагьы иҵааит. Ишҵабыргыз анеилыркаа, аԥшәмацәа ирарҳәеит "Спирдон Адлеиба ҳааишьҭит, Леуант дибарц иҭахуп" ҳәа.

"Сабду икьарахә ааимӷаиҵан, аҽы днақәтәан, изааиз ауаа дынрышьҭалеит. Ус Спирдон иашҭахь инеибагеит. Уи аамҭазы аԥшәма ацә ду шьны, аишәа рхианы "сыԥсы еиқәзырхаз дааит" ҳәа гәаартыла асас диԥылеит. Иахьарнахыс иашьас дшыҟаиҵоз наиаҳәаны, инапы зеиуаҟамыз ахьтәы сааҭ ахаиҵеит. Леуантгьы, "ари уара уеиқәзырхаз ауп" иҳәан, икьарахә ааҭыганы Спирдон инаииркит. Ирыбжьарҵаз аиашьара дырӷәӷәарц азгьы ршьа еиларҭәеит", - ҳәа азгәалҭеит Леуант имоҭа.

Хҭыжә Қәинаӡе иԥазаҵә Адлеиаа дуқәа иашьас дҟарҵеит ҳәа аниаҳа, иаргьы ачара уны, аҭынхацәа ҿыццәа ааиԥхьеит. "Иахьанахыс сгәы ҭынчуп, сԥазаҵә аиашьа диоуит, саргьы - даҽа ҷкәынк", - ҳәа игәырӷьара ҵҩа амамызт. Аиашьара абжьаҵара аҳаҭыр азы, Спирдон Адлеиба Қәинаӡеиаа аҽы кәадырны ҳамҭас ирҭеит.

Аԥсуа Агара  - Sputnik Аҧсны
Ҩ-ҵакык аман: Валентина Ашәԥҳа агараҿаҟәара ахархәашьақәа еиҭалҳәеит

Убри нахыс, аҩҭаацәарак рыцәгьеи рыбзиеи акы акәхеит. Леуант фҩык ихшареи, Спирдон хҩык ихәыҷқәеи бзиа еибабон, рыԥсы еилан, аӡәи-аӡәи аангылара еизцон. Леуанти Спирдони адунеи рыԥсаххьеит, аха Инна Бенделиани лажәақәа рыла, дара ирыбжьарҵаз иԥшьоу аиашьара мырӡуа рмоҭацәеи, урҭ ирхылҵызи иааргоит.

Абас, ажәытәтәи аамҭақәа раан, ауаа еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рыла аиашьара рыбжьалон, ишьҭибахуан. Убри аамҭазы иахьа џьоукы-џьоукы шьала-дала ирзыҟоу идырны ирцәыхарахоит акәымзар.

Инна Бенделиани ԥсуаҵас аиашьара абжьаҵара лара лыԥшәмагьы Гәырам Шьакаиа ишныҟәиго лҳәеит. Шықәсқәак раԥхьа Гагра ақалақь инхо Беслан Барцыци иареи еишьцәас ишьҭибахит. Анаҩс рҭаацәарақәа хьыла еибабеит. Рыцәгьеи рыбзиеи рҿгьы гәакьацәас еидгылоуп.

Ас еиԥш иԥшӡоу аҵас ҳажәлар рзы ималуп, жәҩахыр еибыҭароуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0