Уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны акоронавирус уаҩы идбалам

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Гемотест" начинает делать анализы на коронавирусную инфекцию
Гемотест начинает делать анализы на коронавирусную инфекцию - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иаҳхысыз уахыки-ҽнаки рыла даҽа 51-ҩык Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус амазааразы агәаҭара иахысит.

АҞӘА, рашәара 30 – Sputnik. Акоронавирус рцәа иалазар агәаҭаразы абиоматериал зымхыз 51-ҩык ҳтәылауа рахьтә ачымазара COVID-19 аӡәгьы идбалам ҳәа адырра ҟанаҵоит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Сухум  - Sputnik Аҧсны
Аоперштаб ԥхынгәы 15 инаркны атурсезон аартра аус адулазарц анапынҵа ҟанаҵеит

Иааидкыланы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә чымазара ахҭысқәа 38 азгәаҭоуп. 33-ҩык ргәы бзиахеит, ԥшьҩык ахәышәтәырҭа иҭоуп. Акоронавирус зцәа иалаз аԥҳәыс бырг лыԥсҭазаара далҵит.

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы акоординациатә штаб анапынҵа ҟанаҵеит ԥхынгәы 15 инаркны атурситтә сезон аартра азҵаара ҭҵаазарц.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0