Бжьаниа Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргылара атәы далацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАэропорт "Сухум" им. В.Г. Ардзинба
Аэропорт Сухум им. В.Г. Ардзинба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҳаиртә баӷәаза "Сухум" ҩышықәса рыла аиҭашьақәыргылара азыԥхьагәарҭон урыстәылатәи аинвесторцәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥигаз апресс-конференциаҿ еиҭеиҳәеит иахьазы ишыуадаҩу аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргылара аҿҳәара алацәажәара.  Уи апроект знапы алакыз аилахәырақәа иахьазы иара актуалра аҵаны ирбом.

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза Сухум - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза астатус аиуит

"Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ари азҵаара рнапы ианын аилахәыратә гәыԥ "Синдика". Москва саныҟаз уахьынтәи Аԥсныҟа амҩа санықәлоз ари аилахәыра аиҳаби сареи ҳаиԥылеит. Сара апроект ҳалацәажәоит ҳәа сыҟан, аха иара ииҳәаз, иҟоу аҭагылазаашьа инамаданы амҩангарақәа рхыԥхьаӡара лаҟәуеит ҳәа шазыԥхьагәаҭоу, уи азы апроект актуалра шацәыӡыз ауп", -иҳәеит ахада.

Апроект амҩаԥгара алыршаразы амҩақәа ирышьҭалахоит, аха макьаназы ҳәатәы ыҟам ҳәа азгәеиҭеит ахада.

"Иахьазы абас ауп аҭагылазаашьа шыҟоу. Ҳәарада, алшарақәа ҳрышьҭалашт, аха макьаназы абир абас ауп ҳәа акгьы сызшәаҳәом. Саргьы сақәгәыӷуан апроект нагӡахап ҳәа", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.

2019 шықәса рзы Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҳаиртә баӷәаза "Сухум" жәларбжьаратә акод аҭан. Аинвесторцәа иара ҩышықәса рыҩныҵҟа аиҭашьақәыргылара азыԥхьагәарҭон. Акомплекс зегьы еиҭашьақәыргылахон ашьҭыԥрааратә цәаҳәада. Уи аремонт ду аҭахны иҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0