Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы Саида Жьиԥҳа лышәҟәы "Амра ашәахәақәа" ӡыргахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛучи солнца: в Sputnik презентуют новую книгу Саиды Жиба
Лучи солнца: в Sputnik презентуют новую книгу Саиды Жиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 7, асааҭ 11:00 рзы Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥгахоит апресс-конференциа аԥсуа журналистка Саида Жьиԥҳа лышәҟәы "Амра ашәахәақәа" аӡыргара иазкны. Ашәҟәы рызкуп Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа-абаза жәлар иналукааша рхаҭарнакцәа.

Алахәылацәа:

Автор - Саида Жьиԥҳа;

Аԥсны адемографиеи арепатриациеи рзы аилак ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа;

Аҭырқәа бызшәахьы аиҭагаҩ - Октаи Чкотуа;

Амассатә-информациатә хархәагақәа рхаҭарнакцәа ааҳаԥхьоит апресс–конференциахь (аҭыӡҭыԥ: ақ. Аҟәа, Пушкин имҩ. 16, абизнес-центр "Гәдоу Плаза", 5-тәи аихагыла).

Аккредитациа ҟалоит абри аҭел ала: +7(940) 997-70-22, Рубен Миграниан.

Азыҳәа анашьҭразы аелектронтә ҭыӡҭыԥ: r.migranyan@sputniknews.com

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0