Аҟәа агәҭаҿы ауаҩшьра иҟаз далахәуп ҳәа ишьоу ирбаандаҩра аҿҳәара иацҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумский суд
Сухумский суд  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь, амшын аԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз ауаҩшьра далахәуп ҳәа агәызҩара ззыҟоу Беслан Бганба Аԥсны АШәМ аусзуҩцәеи Аԥсны ААР аусзуҩцәеи лаҵара 8 рзы Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан дааныркылеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Аҟәа ақалақь аӡбарҭа аусҭҵааратә усбарҭа азыҳәа иақәшаҳаҭхеит Аҟәа ақалақь, амшын аԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз ауаҩшьра далахәуп ҳәа агәызҩара ззыҟоу Беслан Бганба иаанкылара аҿҳәара иацҵазарц. Абри атәы аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.

Беслан Бганба Апрокуратура хада иԥшаара иашьҭан ҩыџьеи ҩыџьа инареиҳани рышьра далахәуп ҳәа агәаанагарала, иара убасгьы закәаншьаҭада абџьар ҵәахны имоуп, иныҟәигоит ҳәа.

Молоток судьи - Sputnik Аҧсны
Аӡбарҭа Аҟәа аԥшаҳәаҿы ауаҩшьра далахәын ҳәа ргәы зызҩо иаанкылара аҿҳәара иацнаҵеит

Иара данааныркылоз бџьарла аҿагылара ҟаиҵеит, ахәрақәагьы иоуит.

Аӡбарҭа аӡбамҭала Беслан Бганба ирбаандаҩра иацҵоуп аҽа ԥшьымз, зынӡа иааидкыланы фымз – абҵара 8, 2020 шықәсанӡа.

Бганба аӡбаратә еилатәара алахәра мап ацәикит. Иара ахара идуп ҳәа дыԥхьаӡам ихара шьақәырӷәӷәаны  аӡбарҭа иқәнаҵо ашьауӷа азинмчра аиуаанӡа.

Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы 2019 шықәса абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа идырым џьоукы ақьафурҭа аҭааҩцәа ириехсит.

Иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра. Асҭамыр Шамба иара уаҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит, Алхас Аҩӡба - ахәышәтәырҭаҟны даннаргаз. Ақьафурҭа "Сан-Ремо" ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳа Ареспубликатә хәышәтәырҭа хада анеирохирургиа аҟәшаҿы, ԥхынҷкәын 3 рзы лыԥсҭазаара далҵит.

Иара абри аус ала Аҟәаәти ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭа аднакылеит Даҭо Ахалаиеи, Демур Ахалаиеи, Аслан Блаббеи рырбаандаҩразы.

2020 шықәса, лаҵарамза 29 рзы Воронов имҩаҿы игылоу анхарҭаҩнаҿы даанкылан уаанӡа абри аус азы изышьҭаз Ерик Ҷкадуа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0