Шьаҿак ԥхьаҟа: Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла Жәларбжьаратәи Афедерациа иаларҵеит

© Sputnik / Сария Кварацхелия Союз журналистов
Союз журналистов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла Ажурналистцәа Жәларбжьаратәи рфедерациахь ирыдыркылеит ассоциациа алахәылак аҳасаб ала ԥхынгәы 9 рзы. Ари ахҭыс ҟаларц азы ареспублика ажурналисттә еилазаара ҩышықәса аџьабаа адырбалеит.

Аԥсуа журналистика жәларбжьаратәи азхаҵара шаиуз, уи ареспубликатә АИХқәа рзы ҵакыс иамоу, Ажурналистцәа реидгыла апланқәа уҳәа инарҭбаау аинформациа Sputnik аматериал аҿы.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Аԥсуа журналистика жәларбжьаратәи азхаҵара шаиуз атәы аиҭаҳәара далагаанӡа, Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг иколлегацәа ирыдигалеит Ажурналистцәа Жәларбжьаратәи рфедерациа ахада ихаҭыԥуаҩ, Урыстәыла Ажурналистцәа реидгыла амаӡаныҟәгаҩ, абри ахҭыс алзыршаз иреиуоу Тимур Шафир ивидеонҵамҭа.

"Гәахәара дула исҳәоит Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла Ажурналистцәа Жәларбжьаратәи рфедерациахь ишрыдыркылаз еицҿакрыла ԥхынгәы 9 рзы. Ари аҵак ду змоу хҭысны сахәаԥшуеит Аԥсны ажурналисттә еилазаара аҿиаразы. Агәра згоит Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла Ажурналистцәа Жәларбжьаратәи рфедерациа аилазаараҿ иақәнагоу аҭыԥ шааннакыло азы", - иҳәоит Шафир.

Ажурналистцәа Жәларбжьаратәи рфедерациа – аџьатәи, асоциалтәи, аекономикатәи зинқәа зыхьчо еиҿкаароуп.

Руслан Ҳашыг иажәақәа рыла, Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ари аилазаара ралалара аԥсуа журналистика азхаҵароуп иаанаго.

Руслан Хашиг - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳашыг: аԥсуа журналистика жәларбжьаратәи азхаҵара аиуит

Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла Ажурналистцәа Жәларбжьаратәи рфедерациахь алаларазы ҩышықәса инарзынаԥшуа аусурақәа ирҿын. Аха, аиашаҵәҟьа иуҳәозар, ари ашьаҿа хацыркын Дырмит Гәлиа раԥхьатәи аԥсуа газеҭ "Аԥсны" аныҭижь инаркны.

"Ари ихароу мҩан. Ахгьы кын аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа раԥхьатәи аԥсуа газеҭ "Аԥсны" аныҭижь инаркны. Ҳара аҭоурыхтә мҩа ду ҳанысит. Ииасыз ашықәс азы Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ашьаҭаркра 50 шықәса ахыҵра азгәаҳҭеит. Абарҭ зегьы иацы аҭыԥ зауз ахҭыс иахәҭакуп. Избанзар иалшаӡом еизарак аҟынтә даҽа еизарак ахь, напхгаҩык иҟынтә даҽа напхгаҩык иахь аиасраан ажурналистика аҽеиҭанакырц. Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ари аилазаара ралалара аԥсуа журналистика азхаҵароуп иаанаго", - иҳәеит Ҳашыг.

Руслан Ҳашыг игәалаиршәеит ҩышықәса раԥхьа Аԥсни Урыстәылеи ржурналистцәа реидгылақәа аиқәшаҳаҭра рнапы шеицаҵарҩыз. Уинахыс аусеицура шеицымҩаԥырго.

Ажурналист - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла Ажурналисттә етика ахартиа иалалеит

"Иазгәасҭар сҭахуп Урыстәыла Ажурналистцәа реидгыла анапхгара, ҷыдала Владимир Соловиови Тимур Шафири, абри аус акыр ишазааԥсаз. Тимур Шафир Ажурналистцәа Жәларбжьаратәи рфедерациаҿ Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла аинтересқәа дрыҵагылон иацынӡа. Иҭҵаан Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла аԥҟаԥҵәа, Аԥсны ажурналисттә еилазаара ахаҭа. Ари аамҭа рацәа зҭаху процедуроуп", - иҳәеит иара.

Ихьыԥшым аԥыжәара рымоуп

Ажурналистцәа Жәларбжьаратәи рфедерациахь Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла алалараан азхьаԥшра аҭан ареспубликаҿ ихьыԥшым АИхқәа рыҟазаара.

"Ари аԥыжәара зырҭо усуп, хырхарҭоуп. Афедерациа алалараан азхьаԥшра арҭоит. Аибашьра ашьҭахь ҳколлегацәа ауадаҩрақәа зегьы ириааины ихьыԥшым ажурналистика ашьақәыргылара рылшеит. Ари иаанагоит аԥсуа журналистика шьақәгылеит ауп. Ари ҳзеиԥш еихьӡароуп", - ҳәа иҳәоит Руслан Ҳашыг.

Аԥсны Ажурналистцәа реидгылазы ари аилазаара алалара цхыраароуп, дгылароуп, аҳәаанырцәтәи ҳколлегацәеи ҳареи аимадарақәа ҳабжьаҵароуп, азанааҭ аҿы иԥхьаҟацароуп.

"Жәларбжьаратәи афедерациа алахәылак аҳасаб ала аҟазаара алшара ҿыцқәа рымҩа аанартуеит. Жәларбжьаратәи афедерациаҿ иналкаау принципиалтә позицианы иҟоуп азинхьчаратә усура, аҵараҵаратә хырхарҭа, ажурналистцәа рсоциал-политикатәи рекономикатәи статус. Иарбоу атезисқәа ируакуп – адунеи аҿы еидгыла заҵәык аусура ааннакылар, адунеитә журналисттә еилазаара зегьы рзы ақәҿыҭра зырҭаша ҭагылазаашьахоит. Ҳара есыҽнытәи ҳапроблемақәа реиԥш зеиԥшу змоугьы рацәаҩуп", ҳәа азгәеиҭеит Ҳашыг.

Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы иҳәеит аԥсуа журналистцәа ирус хаданы иҟоу ауаажәларра рымаҵ ауроуп, иобиективтәуи иоперативтәуи информациала реиқәыршәароуп ҳәа.

Руслан Ҳашыг иҳәеит асоциалтә ҳақәа, ателеграмм-каналқәа рцәырҵра апроблемақәа цәырыргоит ажурналист изы ҳәа.

"Заҟа ҭакԥхықәра аҵоузеи анонимцәа рындаҭлара, ажәабжь ԥаршеи аиааира. Уажәы Жәларбжьаратәи афедерациа аҟазауаа абри аганахьала абжьгарақәа аус рыдырулоит", - иҳәоит Ҳашыг.

Аԥсны ажурналистцәа реидгыла  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны, Монголиа, Болгариа ржурналистцәа реидгылақәа аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵеит

Ԥхьаҟатәи апланқәа

Руслан Ҳашыг иколлегацәа ирзеиҭеиҳәеит Ажурналистцәа Жәларбжьаратәи рфедерациа анагӡаратә еилак аҿы ишрыдкылаз аӡбамҭа 2020 шықәса рзы Монголиа апрофессионалтә еилазаара аконгресс мҩаԥгазарц.

"Шәачатәи афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳареи Монголиеи Болгариеи рзанааҭтә еилазаарақәеи аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа ҳнапы рыҵаҳҩит. Усҟан ирацәыҩын алаф ҳалызхуаз, "Монголиа ажурналисттә еилазаареи ҳареи ҳаиқәшаҳаҭра иалаҳхуазеи" ҳәа. Абар, уажәы ари афорум ахь адунеи зегь аҟынтәи 400-ҩык рҟынӡа ажурналистцәа наԥхьахоит, имҩаԥгахоит афедерациа аконгресс", - иҳәоит Ҳашыг.

Аԥсны Ажурналистцәа Реидгыла шьаҭаркын 1968 шықәса рзы. 2019 шықәса рзы ирыӡбеит Ажурналистцәа Жәларбжьаратәи рфедерациа Ажурналисттә етика ахартиа адларазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0