Агуманитартә коридор ала ақырҭуа-аԥсуа ҳәаа иахысит 70-ҩык

© Sputnik / Томас ТхайцукГрузино-абхазская граница
Грузино-абхазская граница - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агуманитартә коридор "Егры" аартхоит ԥхынгәы 13 - 15 рзы асааҭ 9:00 -19:00 рыбжьара; ԥхынгәы 16 - 17 рзы асааҭ 9:00 - 15:00 ирҭагӡаны.

АҞӘА, ԥхынгәы 13 – Sputnik. Ахылаԥшра аушьҭырҭатә пункт "Егры" ԥхынгәы 13 асааҭ 15:00 13 рзы 74-ҩык ахысхьан. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

Лара лажәақәа рыла, ахылаԥшра аушьҭырҭатә пункт "Егры" иахысуа рҭагылазаашьа агәаҭаразы аус руеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура, Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, араионтә санитар-епидемиологиатә маҵзурақәа русзуҩцәа.

"Агуманитартә коридор иахысуа зегьы рбиоматериал гоуп, 14 рыҩныҵҟа аҽыԥхьакра ишахысша ашәҟәқәа рыҭоуп, избанзар Қырҭтәыла макьаназгьы авирус шьаҽым. Уаанӡа СЕС-и Аԥсны ААР-и рмаҵзурақәа агәҽанҵара рыҭан арҭ ауаа хылаԥшра рыҭаразы", - лҳәеит лара.

Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә отриад аиҳабы Рустам Латипов иажәақәа рыла, ԥхынгәы 13 рзы Қырҭтәыла Аԥсны атәылауаа 300-ҩык рҟынӡа ыҟан.

"Ихынҳәыз рҟынтәи ҽыхәышәтәра иҟаз маҷын, егьырҭ Гал араион инхо роуп. Урҭ еиуеиԥшым амзызқәа рыла Қырҭтәыла аҵакырахь иҟан", - иҳәеит иара.

Қырҭтәыла иҟоу Аԥсны атәылауаа рзы аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры" Аԥсны аганахь ала аҽа гуманитартә коридорк шаартхо азы адырра ҟаҵан ԥхынгәы 11 рзы.

Қырҭтәыла иҟоу Аԥсны атәылауааи иқәынхои рзы акоридор аартуп абарҭ арыцхәқәа рзы:

Ԥхынгәы 13 - 15, 2020 шықәса рзы асааҭ 9:00 инаркы 19:00 рҟынӡа аҭыԥантәи аамҭа инақәыршәаны;

Ԥхынгәы 16 - 17, 2020 шықәса рзы асааҭ 9:00 инаркы 15:00 рҟынӡа аҭыԥантәи аамҭа инақәыршәаны.

Қырҭтәылантәи ихынҳәуа атәылауаа зегьы ргәабзиара аҭагылазаашьа аилкааразы амедицина-санитартә гәаҭара хымԥада иахысроуп.

Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра ҟалоит анаҩстәи адокументқәа рымазаараан:

  • ҳтәыла анҭыҵ ауаҩы ихаҿра шьақәзырӷәӷәо Аԥсны атәылауаҩ итәылауаҩшәҟәы;
  • Аԥсны атәылауаҩ иҩнуҵҟатәи азеиԥшуаажәларратә тәылауаҩшәҟәы (2016 шықәсазтәи);
  • Аԥсны аҵакыраҿы иааиԥмырҟьаӡакәа инхо аҳәаанырцә тәылауаҩ ма атәылауаҩра змам ахаҿы анхарҭа аиуразы ишәҟәы;
  • Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ирынаҭаз аформа №9 ала аилыркаага;
  • 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа ирымазароуп аиразы аршаҳаҭга.

Уаанӡа акаридор аартын рашәара 22 - 24 рзы. Усҟан ареспубликахь иҭалеит 907-ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0