Аԥсны ахада Иусбарҭа аусзуҩцәа акоронавирус агәаҭаразы атестқәа ирхысуеит

© Sputnik Администрация президента
Администрация президента  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара инамаданы ԥхынгәы 29 рзы ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 29 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Иусбарҭа аусзуҩцәа акоронавирус рылоу ирыламу агәаҭаразы атестқәа ирхысуеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит ахада ипресс-маҵзура.

Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит ԥхынгәы 29 рзы имҩаԥысраны иҟан Аслан Бжьаниеи Апарламент адепутатцәеи реиԥылара, аԥыза-министри аиҳабыра алахәылацәеи алархәны.

"Аиԥылара иалахәхараны иҟан атәыла аполитикатә партиақәа рхаҭарнакцәа. Аха адепутатцәа руаӡәк акоронавирустә инфекциа имазар ҟалоит ҳәа иҟаз адырра иахҟьаны аиԥылара ахыган", - рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара инамаданы ԥхынгәы 29 рзы ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

Бжьаниа иазгәеиҭеит атәыла анапхгара иҟоу аҭагылазаашьа бзианы ишеилыркаауа, аҳәаа ахьаркугьы ажәлар рыбзазара ианаҭо анырра шырбо, аха аԥыжәара зырҭо атәылауаа ргәабзиара шакәу.

Аԥсны аоперштаб адыррақәа рыла ԥхынгәы 28 рзы акоронавирус зыхьхьоу рхыԥхьаӡара 63-ҩык ыҟоуп. Урҭ рҟынтәи 37-ҩык ргәы бзиахахьеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0