Агранатаршәыҩцәа аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара иалагеит

© Sputnik / Кирилл Брага / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТактические учения ЮВО в Волгоградской области
Тактические учения ЮВО в Волгоградской области - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
500-ҩык рҟынӡа агранатаршәыҩцәа абри амзазы аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит.

АҞӘА, ԥхынгәы 30- Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база агранатаршәыҩцәа аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит адәытә ҽеизгарақәа рҳәаа иҭагӡаны ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Аруаа адәтәи аҭагылазаашьақәа рҟны атактикатә усқәа мҩаԥыргоит, еиӷьыртәуеит рдыррақәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы.

Аԥышәа змоу аинструкторцәа ацхыраара рырҭоит ҽынлеиԥш, уахынлагьы русдҵақәа рынагӡараҿы.

Апресс-маҵзура иара убасгьы иаанацҳауеит арратә база аимадара аҟәшақәа анапхгараҭаратә пунктқәа рықәыргылареи ауснагӡатә иҭагӡаны аимадара аиҿкаареи ишрылаго.

Ашьхатә полигон Ҵабал аҿы еиҿкаахоит аспутниктә каналқәа рхархәарала анапхгаратә пунктқәеи егьырҭ аобиектқәеи рыбжьара ихьчоу аимадара.

Зынӡа аҽазыҟаҵара иалахәхоит 500-ҩык рҟынӡа аимадаҩцәа, 200 ак атехника ҷыда.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0