Нанба: нанҳәа 1 аҟынӡа Урыстәыла аҳәаа азҵаара аӡбоит рҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукДжансух Нанба
Джансух Нанба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа ахысразы аԥкрақәа ирыцҵан нанҳәа 4 рҟынӡа аԥсуа ган аԥшьгарала. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа уаанӡа иҳәахьан ганкахьы мацарала аҳәаа аартра ҵакыдоуп ҳәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 30 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Урыстәылатәи ҳколлегацәа агәра ҳдыргеит аҳәаа аартра азҵаара нанҳәа 1 аҟынӡа иӡбахоит ҳәа азгәеиҭеит ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр аҿы имҩаԥысуаз аиԥылараҿы.

"Иахьазы иҳамоу адыррақәа рыла Роспотребнадзор, Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра рыҳасабырбақәа абри азҵаараҿы ҵаҵӷәыс иҟалоит. Урыстәылатәи ҳколлегацәа агәра ҳдыргеит аҳәаа азҵаара нанҳәа 1 аҟынӡа иӡбахоит ҳәа. Ирыдыркыло аӡбара зеиԥшрахо, иаадыртуоу иаадмыртуоу атәы сызшәаҳәом, аамҭа иаҳнарбоит", - иҳәеит Нанба.

Џьансыхә Нанба иазгәеиҭеит уажәы аԥсуа еиҳабыра ԥкрақәак раԥыхра аус рыҽшазыҟарҵо.

Пресс-конференция избранного президента Абхазии А. Бжании - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Москваҟа дцеит

"Макьаназы аԥкрақәа раԥыхроуп излацәажәо. Шықәсыбжак аԥхьеиԥш ауаа ԥкрада аҳәаа ишахысуаз еиԥш аҟалара макьаназы иалацәажәатәым. Аусурақәа цоит еиҳа иалыршахо амеханизм адкыларазы. Уи хымԥада Аԥсны ауаажәлар реиԥш, Урыстәыла ауаажәларгьы ргәабзиара ахьчара иазырхахоит", - иҳәеит Нанба.

Асеминар "Новая фаза кризиса: вызовы и возможные ответы" мҩаԥысуан Аҟәа, ԥхынгәы 30 рзы Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр аҿы.

Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа ахысразы аԥкрақәа ирыцҵан нанҳәа 4 рҟынӡа аԥсуа ган аԥшьгарала. Ԥхынгәы 29 азтәи аҭагылазаашьала аоперштаб иаанацҳауеит Аԥсны акоронавирус зоухьоу 71-ҩык ыҟоуп ҳәа.

Ԥхынгәы 30 рзы Аслан Бжьаниа усутә визитла Москваҟа дцеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0