Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Агәмаа еиҭеиҳәеит Афонҿыцтәи аҳаԥы иаҭаауа иахьазы ишрыдыркыло атәы

© Foto / предоставил Алмасхан АгумаваАлмасхан Агумава
Алмасхан Агумава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афонҿыцтәи аҳаԥы аекскурсиа амҩаԥгаҩ Алмасхан Агәмаа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит акарантин ашьҭахь аҳаԥы аҭааҩцәа рыдкылара шеиҿкаау.

 

Агәмаа еиҭеиҳәеит Афонҿыцтәи аҳаԥы иаҭаауа иахьазы ишрыдыркыло атәы

"Афонҿыцтәи аҳаԥы аусура иазхиеижьҭеи акрааҵуеит. Ауаа рыдкылара ҳалагаанӡа Роспотребнадзор амаҵзура аусзуҩцәа ҳҭан, урҭ ишҳабжьаргаз еиԥш аус ҳуеит. Аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара аҟынтәи раԥхьатәи аҭааҩцәа рыдкылара ҳалагеит нанҳәа 2 инаркны, асанитартә шәага-загақәа ҳрықәныҟәоит. Аҳаԥы иҩнало амедицинатә сабрадақәа раҳҭоит, рнапы ахәшә ақәаҳҭәоит, аусзуҩцәагьы асабрадақәеи анапхазқәеи ныҟәыргоит. Усҟан гәыԥк аҟны шәҩык ҩнаҳҵон, уажәы абжа - ҩынҩажәижәаҩык еиҳаны иҩнаҳҵаӡом. Ирзеиҭаҳҳәоит ахымҩаԥгашьа шаҭаху, даргьы еилкаарала иазнеиуеит, иаҳҳәо иақәныҟәоит. Ус ҳаицәажәараан ирҳәоит акраамҭа аҳәаа аартра ишазыԥшыз, ҳаԥсадгьыл ахь аара шырҭахыз", - иҳәеит Агәмаа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0