Амилициаа хысрала ирцәыбналоз рус аӡбарҭахь инашьҭуп

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСотрудник полиции возле служебного автомобиля
Сотрудник полиции возле служебного автомобиля - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәса хәажәкыра 16 рзы амилициаа хысрала ирцәыбналарц зҽазызшәаз ԥшьҩык ауааԥсыра аанкылан.

АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. Амилициа аоперативтә усзуҩцәа рганахьала амчра ахархәара мҩаԥызгаз Мизан Зыхәба, Аслан Зыхәба, Аинар Зыхәба, Гарри Аҩӡба рус Апрокуратура хада аусҭҵааратә Усбарҭа аӡбарҭахь инанашьҭит ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

"Азаанаҵтә ҭҵаара аусбарҭа хыхь иарбоу ахаҿқәа ахара рыднаҵоит амилициа аоперативтә усзуҩцәа рганахьала амчра ахархәара мҩаԥыргеит, закәаншьаҭада ирымаз, рыхгьы иадырхәоз ахысгабџьар ала азинеиҿкааҩцәа рганахь ахысрагьы налаҵаны ҳәа", - адырра ҟанаҵоит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.

Аусбарҭаҿы ишазгәарҭаз ала, Мизан Зыхәбеи Аслан Зыхәбеи Аԥсны АЗ абарҭ ахәҭаҷқәа рыла ахара рыдҵоуп:

  • ахәҭаҷ 320 ахәҭа 2 (Амчра ахаҭарнак иганахь ала иԥсҭазаареи игәабзиареи ашәарҭа иҭазыргыло амч ахархәара)
  • ахәҭаҷ 217 ахәҭа 2 (Закәаншьаҭада  абџьар, абџьархәҭа, аџьаԥҳаны, арҭҟәацгақәа, арԥжәагақәа раахәара, рыҭара, рыҭира, рыҵәахра, рныҟәгара)
  • ахәҭаҷ 320 ахәҭа 1 аепизодқәа ҩба рыла (Амчра ахаҭарнак иганахьала иԥсҭазаареи игәабзиареи ашәарҭа иҭазыргыло амч ахархәара, ма  амчра ахаҭарнак, мамзаргьы иара иҭахцәа рнапынҵақәа рынагӡараан амч ахархәара)
  • ахәҭаҷ 164 ахәҭа 2 (Амазара аԥхасҭатәреи аимҵәареи заанаҵтәи агәҭакрала).

Аинар Зыхәба иара убарҭ ацәгьоурақәа ихараҵоуп, уи адагьы ахара идҵоуп Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 155 ахәҭа 4 апункт "в" (Аӷьычра) инақәыршәаны.

Гарри Аҩӡба ахара идҵоуп ахәҭаҷ 320 ахәҭа 2, ахәҭаҷ 217 ахәҭа 2, ахәҭаҷ 320 ахәҭа 1, ахәҭаҷ 223 ахәҭа 1 (Анаркотикатә маҭәашьарқәеи, аԥсихотроптә маҭәашьарқәеи урҭ раналогқәеи закәаншьаҭада раахәара, рыҵәахра, аус рыдулара аҭира хықәкыс иҟамҵакәа) инақәыршәаны.

Наручники  - Sputnik Аҧсны
Амилициа иатәу амашьына иеихсит уи азинеилагаҩцәа ианрышьҭаз: ԥшьҩык аанкылоуп

"Хәажәкыра 16 асааҭ 02:00 рзеиԥш амилициа аусзуҩцәа рҽазыршәеит иццакцәаны ицоз, аҳәынҭқарратә номерқәа зықәгыламыз автомашьына Toyota Noah аанкылара. Амашьына анаанымгыла, амилициа аусзуҩцәа уи аанкыларазы иашьҭалеит, ацәгьоуцәа руаӡәк аҳауахь ахысра далагеит. Аҟәантәи Иашҭхәанӡа рышьҭазаара иаҿын, уа ианнеигьы азинеилагаҩцәа амилициаа рмашьына иеихсит, абри ашьҭахь дара абналара рылшеит.

Аамҭақәак рышьҭахь Каман ақыҭан ирбеит ибналаз зықәтәаз автомашьына Toyota Noah былны. Нас ишеилкаахаз ала, ари амашьына уаанӡа иӷьычын Аҟәа инхо атәылауаҩ иҟны, хәажәкыра 12 рзы.

Ацәгьоуцәа аҳәынҭқарратә номерқәа зықәгыламыз Mazda-6 ахь ииасит. Дара рҽазыршәеит амашьына Иашҭхәа ақыҭа абжьаларҭақәа руак аҟны иныжьны, абџьаргьы кажьны абналара. Урҭ раанкылараан ҩаԥхьа аҿагылара ҟарҵеит", - ҳәа аҳәоит Апрокуратура хада адырраҭара.

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аԥхьанатәтәи аҭҵаараан ахара зду арбаандаҩра рықәырҵеит, аха Ахашшааратә коллегиа Мизан Зыхәба арбаандаҩра ацынхәрас аӡбарҭатә зал аҟынтәи ихы дақәиҭыртәит. Ашьаус алахәылацәа ахара ирыдырҵаз рхахьы иргом.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0