Урыстәылатәи аекспертцәа Аԥсны амедусбарҭақәа русушьа гәарҭеит

© Foto / Пресс-служба Министерства здравоохранения РАГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аекспертцәа русуратә аҭаара алҵшәақәа ирызку аилацәажәара мҩаԥыргоит Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа дадгаланы.

АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аекспертцәа гәыԥҩык Аԥсны акоронавирустә чымазаҩцәа ахьырхәышәтәуа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иаҭааит, апациентцәа арахь раагашьа шеиҿкаау гәарҭеит, азона "ҟаԥшь" еимырдеит, ахәшәқәеи ахыхьчагақәеи шаҟа иазхо рҳәеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра асаит.

Тест на коронавирус  - Sputnik Аҧсны
Аԥснынтә COVID-19 зманы инанаго апациентцәа рзы адкыларҭа дырхиоит Шәача

Уи адагьы урстәылатәи аспециалистцәа Аҟәатәи ацхыраара ласы астанциа аусушьа гәарҭеит, уи амашьынақәа роуп акоронавирус зцәа иалоу ачымазцәа назга-аазго, иара убас ахәыҷтәы поликлиника аусушьа шеҿкаау рбеит.

Аделегациа иалахәын ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рзеиҿкаара азҵаарақәа ҳәаақәызҵо Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыԥуаҩ Оксана Гусева, Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра Хырԥашьа змам ацхыраара аҭара адепартамент адиректор Инна Куликова, иара убас Краснодартәи атәылаҿацә агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ирина Виазовскаиа.

Нанҳәа 6 рзы урыстәылатәи аспециалистцәа-анџьнырцәа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иазку акомпиутертә томограф шьақәдыргылоит, уи ахархәара иалагоит ҳәа азԥхьагәаҭоуп ҳазҭоу амза аҩбатәи азбжазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0