Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аихамҩатә еимадара еиҭашьақәыргылахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсни Урыстәылеи рыбжьара аихамҩатә еимадара еиҭашьақәыргылахоит
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аихамҩатә еимадара еиҭашьақәыргылахоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аихамҩатә еимадара акоронавирустә пандемиа инамаданы хәажәкырамзазы иаанкылахеит аҿкыра аламырҵәаразы.

АҞӘА, нанҳәа 6 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аихамҩатә еимадара еиҭашьақәыргылахоит нанҳәа 7 инаркны, абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит АУН "Аԥсныеихамҩа" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Игор Марганиа.

Русура хацдыркуеит адәыӷбатә реисқәа:

  •  № 306 Москва-Аҟәа, нанҳәа 7 инаркны есыҽны иныҟәалоит
  • №487 Самара-Аҟәа, нанҳәа 15 инаркны аграфик ҷыдала иныҟәалоит
  • № 479 (480) Санкт-Петербург-Аҟәа, нанҳәа 7 инаркны аграфик ҷыдала иныҟәалоит.

"Ари аграфик алацәажәара мҩаԥысуеит. Иахьа иаҳзаарышьҭит. Ҳнапы шаҵааҩыз абилеҭқәа аҭирҭахь инашьҭхоит", - иҳәеит иара.

Уи адагьы иазыԥхьагәаҭоуп атуристтә дәыӷба Тҟәаԥс-Гагра. Марганиа иҳәеит, ари адәыӷбала иаарго атуристцәа аекскурсиақәа рышьҭахь, иарала ахәылбыҽха шьҭахьҟа ихынҳәыр шалшо.

Аихамҩатә еимадара адҳәалахоит Аԥсни Урыстәылеи рҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа.

Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аихамҩатә еимадара акоронавирустә пандемиа инамаданы хәажәкырамзазы иаанкылан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0