Сынтәа изымҩаԥысуам жәларбжьаратәи афестиваль " Пицундатәи ауарӷан ахәылԥазқәа"

© SputnikОрганные вечера в Пицунде
Органные вечера в Пицунде - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи афестиваль "Пицундатәи ауарӷан ахәылԥазқәа" 1977-1992 шықәсқәа раан Пицунда есышықәса имҩаԥысуаз ауарӷан музыка Жәларбжьаратәи ахәылԥазқәа ирышьҭрақәлаҩын.

АҞӘА, нанҳәа 7– Sputnik. Апандемиа иахҟьаны сынтәа изымҩаԥысуам жәларбжьаратәи афестиваль "Пицундатәи ауарӷан ахәылԥазқәа", абри азы аӡбамҭа рыдыркылеит аиҿкааратә гәыԥ ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, ауарӷанарҳәаҩ Лука Гаделиа.

Иара иазгәеиҭеит есышықәса афестиваль ахь адунеи атәылақәа рҟынтәи амузыкантцәа шаауаз. Аха аҳәаақәа раркра инадҳәаланы аныҳәа ареспубликаҿ ишымҩаԥгамхо.

"Ус, есԥшьашеи есмҽышеи Марина Ешԥҳаи сареи аконцертқәа мҩаԥаагалоит", - иҳәеит иара.

Ишиҳәо ала аконцертқәа раан ашәарҭадаратә усхкқәа ирықәныҟәахоит, атәарҭақәа шахматтә ҟазшьа рыманы иргылахоит.

"Аусзуҩцәа зегьы асабрадақәа рҿоуп. Сара мап, аха азыӡырыҩцәеи сареи ҳаицәыхароуп", - еиҭеиҳәоит Гаделиа.

Аконцертқәа раан азыӡырыҩцәа ирзыԥшуп Барокко аепоха иаҵанакуа амузыка– Бах, Вивальди, аромантикцәа рмузыка.

"Сара иара убасгьы арок музыка атранскрипциа азызуит. Уи азы схы иасырхәеит агәыԥ Queen, Фредди Меркиури ррепертуар. Сгәы иаанагоит иргәаԥхап ҳәа" - иҳәоит ауарӷанарҳәаҩ.

Пицундский этнографический музей - Sputnik Аҧсны
"Пицунда Дуӡӡа" амузеи: ажәытә хаҳәтә аамҭа инаркны ишәхьоу абжьаратә шәышықәсанӡа

Аконцертқәа дрылахәхоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асолистка Кристина Ешԥҳа.

Жәларбжьаратәи афестиваль "Пицундатәи ауарӷан ахәылԥазқәа" Пицунда есышықәса имҩаԥысуаз ауарӷан музыка Жәларбжьаратәи ахәылԥазқәа ирышьҭрақәлаҩуп.

1977 шықәса инаркны 1992 шықәсанӡа Пицунда имҩаԥысуан Ауарӷантә музыка Жәларбжьаратәи афестиваль. Уи аԥшьызгаз Леонид Роизман иоуп - еицырдыруа аурыс уарӷанарҳәаҩ, Пиотр Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аконсерваториа апрофессор. Уи ибзоурала Аԥсни Урыстәылеи иаарго иалагеит еицырдыруа анемец фирмақәа иҭрыжьыз ауарӷанқәа. Уи афестиваль ауп уажәтәи Жәларбжьаратәи афестиваль "Пицундатәи ауарӷантә хәылԥазқәа" зхылҿиааз ҳәа иԥхьаӡоу.

Ари афестиваль мҩаԥысуеижьҭеи 15 шықәса рыҩнуҵҟа Пицундаҟа иаахьеит Урыстәыла, Германиа, Прибалтика, Украина, Ермантәыла уҳәа атәылақәа рҟынтәи еицырдыруа ауарӷанарҳәаҩцәа аӡәырҩы.

Ажәабжьқәа зегьы
0