Ҭимур Беиа Апарламент ахь кандидатс дықәгылоит

© SputnikЦИК Абхазии
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Бзыԥтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №10 аҿы Апарламент ахь аиҭалхрақәа имҩаԥгахоит цәыббра 13 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 7 – Sputnik. Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҿы ашәҟәы иҭаргалеит Бзыԥтәи алхырҭатә округ №10 аҿы Ҭимур Беиа Апарламент ахь кандидатс иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АКХ.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит ԥхынгәы 12 рзы.

Аихшьаалақәа инарықәыршәаны:

Гәдоуҭатәи алхырҭатә ҭыԥ хада №18 аҟны депутатс далхуп Алхас Ҳагба,

Выборы президента Абхазии. ЦИК - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АКХ Бзыԥтәи алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы аиҭалхрақәа ррыцхә шьақәдырӷәӷәеит

Оҭҳаратәи алхырҭатә округ №14 аҟны – Алмасхан Барцыц,

Кындыӷтәи алхырҭатә округ №31 аҟны – Гарри Кокаиа.

Аиҭалхрақәа азгәаҭоуп Бзыԥтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №10 аҿы, Ҭемыр Беиеи Ҭамаз Леибеи кандидатцәас иахьықәгылаз. Рҩыџьагьы иазхоз абжьқәа рмоуит. Убри инадҳәаланы Алхратә комиссиа хада аӡбара аднакылеит аиҭалхрақәа мҩаԥгазарц.

Ԥхынгәы 29 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҿы ашәҟәы иҭаргалеит Бзыԥтәи алхырҭатә округ №10 аҿы Ҭамаз Леиба Апарламент ахь кандидатс иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит ԥхынгәы 12 рзы иҭацәыз амандатқәа ԥшьба рахь - атәыла ахадас иалырхыз Аслан Бжьаниа, аԥыза-министрс иҟарҵаз Александр Анқәаб, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс иҟарҵаз Дмитри Дбар, Гагра араион ахадас иҟарҵаз Иури Хагәышь рҭыԥқәа рахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0