Бжьаниа: COVID-19 иахҟьаны аекономикатә цәыӡқәа рацәоуп

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПресс-конференция избранного президента Абхазии А. Бжании
Пресс-конференция избранного президента Абхазии А. Бжании - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа ԥшьымз раԥхьа иадыркит. Ари атәыла аекономикатә ҭагылазаашьа, ҷыдала атуристтә сезон аиԥҟьара анырра анаҭеит.

АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Аԥсны акоронавирустә пандемиа иахҟьаны аекономикатә цәыӡ дуқәа амоуп, иҳәеит агазеҭ "Известия" аинтервиу азҭаз Аслан Бжьаниа.

Работа сотрудников Кубань-СПАС - Sputnik Аҧсны
Ԥшьымз раахыстәи акарантин: акоронавирус Аԥсны аԥсҭазаара ишаныԥшыз

Атәыла ахада иажәақәа рыла, аҭагылазаашьа аруадаҩит атуристтә сезон аиԥҟьарагьы. Атуризм Аԥсны азы 35% ААА (ВВП) аанагоит, 10 000 усуратә ҭыԥ азнархиоит.

"Аха ҳара аҭагылазаашьа уадаҩ иахьмырԥшыкәа иҟоу аҭагылазаашьала ҳхымҩаԥгашьа еиҭаҳкуеит. Иаҳҩызоу аҳәынҭқарра Урыстәыла аҟынтәи ацхыраара ҳшақәгәыӷуагьы, ҳара ибзианы еилаҳкаауеит, акризис алҵразы амҩақәа ҳхаҭақәа иҳаԥшаар шакәу", - иҳәоит Аслан Бжьаниа.

Бжьаниа ишьақәирӷәӷәеит нанҳәа 1 азы аҳәаа аартра шьаҭаны ишазыҟаз Москваҟа иусутә ныҟәара.

Нанҳәа 1 азы аурыс-аԥсуа ҳәаа анаадырт инаркны нанҳәа 10 рҟынӡа 230 000-ҩык ахысхьеит.

Рашәарамзазы Апарламент адепутатцәеи Аслан Бжьаниеи реиԥылараан Москватәи иусутә ныҟәара аихшьаалақәа ҟаҵо иҳәеит, Урыстәылатәи афедерациа Аԥсны акризис аамҭазы иаиуа ацәыӡқәа шыхнаҩо.

Рашәарамза анҵәамҭазы Аминистрцәа реилазаара афинанстә ҭагылазаашьа аиҭакразы абиуџьет ԥарақәа рныхраз еиҳа аԥыжәара змоу ахырхарҭақәа шьақәнаргылеит. Раԥхьа иргыланы иарбахеит аулафахәқәа, асоциалтә шәарақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0