Пицунда акурорт адиректор ихаҭыԥуаҩразы ҩ-кандидатурак ықәдыргылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗдание администрации Пицунды
Здание администрации Пицунды - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Акурорт Пицунда" ахада ҿыц Фрикан Гәынба имаҵура даҭан нанҳәа 7 рзы. Уаанӡа ари аҭыԥ никылон Нодар Шьаҟрыл.

АҞӘА, нанҳәа 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Пицунда ауааԥсыра азеиԥшқалақь еизараҿы акурорт адиректор ихаҭыԥуаҩразы ҩ-кандидатурак ықәдыргылеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Пицунда ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамур Ашәхәаҵаа.

"Ҭимур Ҭарбеи Алхас Гыруаԥшьи ркандидатурақәа ықәдыргылеит. Рҩыџьагьы ара иит, иааӡеит. Макьаназы урҭ рахьынтәи иалкаахо ддырым"? - иҳәеит иара.

Аӡбамҭа идикылараны дыҟоуп акурорт ахада ҿыц Фрикан Гәынба, аамҭала абри аганахь ала ԥкырак имам ҳәа иҳәеит Ашәхәаҵаа.

Нанҳәа 10 рзы ақалақьуаа "Акурорт Пицунда" аиҳаб ҿыц иаҭара иаҿагыланы аизара мҩаԥыргеит. Аизара иҽалаирхәит атуризм аминистр Теимураз Хышба. Еизан иҟаз иара изеиҭарҳәеит иҟоу аҭагылазаашьазы ргәаанагарақәа.

"Акурорт Пицунда" адиректор ихаҭыԥуаҩ Алексеи Кетиа ишиҳәаз ала, ақалақьуаа ргәы иалсыз акадыртә еиҭакра акәымкәа уи амҩаԥгашьа ауп.

"Акурорт Пицунда" ахада ҿыц Фрикан Гәынба имаҵура даҭан нанҳәа 7 рзы. Аколлектив ахәҭак уи ишаҿагылазгьы Фрикан Гәынба аколлектив ддырдырын.

Атуризм азы аминистрра апресс-маҵзура иазгәанаҭеит Фрикан Гәынба икандидатура еиҭахәаԥшраны ишыҟам, уи азы аминистр изинмчқәа рҳәаа иҭагӡаны аӡбра шидикылаз.

Туристы в Пицунде  - Sputnik Аҧсны
Пицунда ауааԥсыра Фрикан Гәынба ихаҭыԥуаҩ икандидатураз ажәалагала ҟарҵеит

Алексеи Кетиа иара убасгьы иазгәеиҭеит ақалқьуаа рзы акыр шаҵанакуа акурорт анапхгара знапы иану аҭыԥантәи ауаа ракәзаара.

Пицунда асовет уаа бзиа еицырбаз ԥсшьарҭа ҭыԥны иҟалеит ишаадыртызҵәҟьа. Акурорт аргылараз аӡбамҭа идикылеит абри аҭыԥ иацәыхарамыз адачаҿы зыԥсы зшьоз Никита Хрушьиов.

КПСС АК ахантәаҩи Михаил Бӷажәбеи еиҩызцәан. 1959 шықәсазтәи реицәажәарақәа руак аан Хрушьиов Пицунда акурорт ргылазар бзиоуп ҳәа иҳәеит. Ари аҭыԥ залихызгьы пицундатәи аԥсара аҟазшьа ҷыдазоуп.

Акурорт аргылара иалахәын хнызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Аусурақәа напхгара рылҭон Ҭамара Гыцԥҳа. Хрушьиов Аԥсныҟа дааиԥхьеит Москва архитектор хада, Аизара дуқәа рхан архитектор Михаил Посохин.

Архитекторцәа апроект хымш рыҩныҵҟа аус адырулеит. Аԥхьанатә иазыӡбан акорпусқәа ааба рыргылара, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны быжь-корпуск ргылан.

Акурорт аргылара аламҭалаз иргылан ҷыдала иаразы Бзыԥтәи аихабетонттә зауад. Зынӡа акурорт аргылара аа-шықәса иадхалеит.

1967 шықәса рзы Акомпартиа аԥснытәи аобком амаӡаныҟәгаҩ Мџьыҭ Хәарцкьиа атрибунаҟынтәи ирылеиҳәеит асовет курорт ҿыц шаарту.

Ажәабжьқәа зегьы
0