Аԥсны арранаԥхьара аплан анагӡара уадаҩхеит

© Sputnik Сария КварацхелияНовобранцы абхазской армии прошли курс молодого бойца
Новобранцы абхазской армии прошли курс молодого бойца - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ар рахь ааԥынтәи анаԥхьара аҿҳәара аамҭала иахыган ареспубликаҿы иалагалаз аԥкырақәа инарымаданы.

АҞӘА, нанҳәа 12 – Sputnik. Ааԥынтәи арранаԥхьара аплан анагӡара залымшеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны арратә комиссар Беслан Ҭарба.

На верность родине: как новобранцы абхазской армии принимали присягу  - Sputnik Аҧсны
Аррахь ҿыц инарыԥхьаз аҳәынҭқарра аруаа ирылаԥхьаӡоуп

Иара иазгәеиҭеит  аҿар аррахь рнаԥхьара аамҭа аламҭалаз ишышьақәдыргыло аплан, Аԥсны аррахь инауԥхьо ақәра иҭагылоу аҿар рхыԥхьаӡара заҟа ыҟоу иаҿырԥшны. Арратә комиссар иажәақәа рыла, аплан анагӡара залымшеит аиҳарак Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет анапхгара сынтәа ԥышәарада абитуриентцәа рыдыркыларц ахьаӡбаз азы. Ҭарба иазгәеиҭеит аплан анагӡара 75% ишыҟоу.

"Аррахь инаҳаԥхьар алшо аресурс шьақәгылоуп 18 шықәса зхыҵыз ашкол аушьҭымҭацәа рыла. Ҳара дасу ишәҟәқәа ҭаҳҵаауеит. Аушьҭымҭа ихәшьарақәа бзиазар, иҵара иациҵар иҭахызар, ԥырхага иаҳҭом. Аха Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет анапхгара сынтәа ԥышәарада абитуриентцәа рыдыркыларц ахьаӡбаз ҳаиҵанархеит", - ҳәа иҳәоит Беслан Ҭарба.

Ааԥынразы аԥсуа ар рахь анаԥхьара аҿҳәара иахыган ареспубликаҿы иалагалаз аԥкырақәа инарымаданы.

"Ааԥынтәи арранаԥхьара аҿҳәара инахан апандемиа инадҳәаланы. Урыстәылатәи ҳколлегацәа рымчала  аизарҭатә пунктқәа, акомиссариатқәа уҳәа зегьы ырзҩыдан", - иҳәоит иара.

Уи адагьы арратә  комиссар иазгәеиҭеит Агәабзиарахьчара аминистрра ахыхьчагақәа – асабардақәеи анапҭарԥақәеи шрырҭаз.

"Ирацәаҩуп еиуеиԥшым ачымазарақәа змоу аҿар. Акыр еилыршәшәатәуп. Ашколтә программаҿы абаҩрҵәыра, арратә зыҟаҵара аанхоит, аха аҿар иахьа аспорти арра ацареи ринтерес рымам", - ҳәа азгәеиҭеит акомиссар.

Аҿар рыбжьара еиҳа ирылаҵәоу чмазарақәаны иазгәаҭоуп: абӷаџьыҟәра, абӷашшара ач, иара убасгьы анервтә система ауашәшәырара ҳәа иҳәоит Беслан Ҭарба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0