Инал Габлиа Гагратәи аҵара-ааӡаратә обиектқәа рзы: иҟаҵоу маҷым, аха ирыгугьы рацәоуп

© Foto / Саида Жиба Аҵара аминистр Гагра араион иаҭаара
Аҵара аминистр Гагра араион иаҭаара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи иааиуа аҵара шықәс ҿыц иахьынӡазыхиоу аилкааразы араион усутә ныҟәарала даҭааит Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Гагра араион ашколқәеи, ахәыҷбаҳчақәеи аҵара шықәс ҿыц иахьынӡазыхиоу аилкаара иазкын Аԥсны аҵареи, абызшәатә политикеи рзы аминистр Инал Габлиа аԥшьаша, нанҳәа 13 рзы араион иҭаара. Раԥхьаӡа акәны иара дымҩахыҵит ҿыц иргылаз Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1 ахь. Араҟа изыԥшыз араион ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ҵышәбеи, араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳаи, ашкол адиректор Хана Гәынԥҳаи изеиҭарҳәеит аобиект аргылара шхыркәшоугьы, ргәы иҵхо апроблемақәа шыҟоу. Инагӡаны аҭыԥ иқәҵаӡам афымцалашара, аҵакырадгьыл аиҿкаара, ахыбра аҩнуҵҟа уажәнатә акафель ахькыдыҷҷаз ыҟоуп.

© Foto / Саида Жиба Аҵара аминистр Гагра араион иаҭаара
Инал Габлиа Гагратәи аҵара-ааӡаратә обиектқәа рзы: иҟаҵоу маҷым, аха ирыгугьы рацәоуп - Sputnik Аҧсны
Аҵара аминистр Гагра араион иаҭаара

Гагратәи абжьаратә школ №1 ргылан аинвестпрограмма инақәыршәаны. Аобиект шьаҭанкыла аргыларазы раԥхьанатә ишьақәыргылаз абиуџьет акәзар, 500 миллион шыҟаз, хышәи бжаки рҿынӡа ианыркьаҿха, хымԥада апроект аҿы иҟаҵатәны иарбаз ахьтә ианыххаз ҟалеит, убарҭ иреиуахеит атрансформаторгьы.

Мадина Ажиба  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ажьиԥҳа еиҭалҳәеит Гагра араион азы аҵарашықәс зеиԥшраз, уи ахарҭәаашьа шылбо

"Зегь раасҭа ипроблеманы иҳамоуп апроект аҟнытә атрансформатор ахьаныххаз. Анкьа ахархәара змаз афымцалашара еиқәнаршәоит ааигәа иҟоу аҩнқәагьы, ашкол ҿыц афымца амчхара еиҳахоит азы ахатәы трансформатор амазароуп. Ари азҵаараҿы аекономика аминистр Кристина Озган адгылара шҳалҭо лҳәеит, ҳгәыӷуеит лассы иӡбахап ҳәа", - азгәеиҭеит Гагра араион ахадара аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ҵышәба.

Инал Габлиа аҵаратә корпусқәа рыҩбагьы, акттә зали, аспорттә зали дрыҩнысны ибеит. Анапынҵақәа ҟаиҵеит, ирҽеитәу зегьы асиа ианҵаны, иақәырӡхо ахарџьи шьақәыргыланы ирҭарц.

"Гагратәи аԥсуа школ шьаҭанкыла иргылоу обиектуп. Аиашазы ашҭа уҭалаанӡагьы улаԥш иԥшӡаӡа иҵашәоит, уи уаҩ игәы иамыхәарц залшом. Амала иҟоуп зыриашареи, зыӡбареи аҭаху азҵаарақәа. Араион анапхгареи, аҵара аҟәшеи, ашкол адиректори еицҿакны иазгәарҭеит ргәы иҵхо рахьтә ихадараны ишыҟоу афымцалашара азҵаара. Ҳаицәажәараҟны еилкаахеит мышқәак рышьҭахь ашкол ахь афымца шнагахо. Атрансформатор азҵаарагьы ирлас иӡбахап ҳәа сгәы иаанагоит. Аиашазы арҽеирақәа ахьаҭаху маҷӡам. Амцаҽацәыхьчаратә система азхәыцрақәак агуп, аԥенџьырқәа аԥардақәа рымаӡам, џьара-џьара акафель кыдыҷҷахьеит, ашкол аҵакыра еиҿкаатәуп. Ажәакала аргылаҩцәа рганахь ацәажәарақәа мҩаԥаагароуп", - ҳәа инаҵишьит аминистр.

Инал Габлиа иҳәеит, ашкол аргылара хылаԥшра азҭоз акомиссиа аҵара аҟәшеи, ашкол адирекциеи рхаҭарнакцәагьы алахәызҭгьы, иахьа абарҭ апроблемақәа цәырымҵар ауан ҳәа. Убас иациҵеит, ҩаԥхьа иргылахо аҵара-ааӡаратә обиектқәа ргәаҭаратә гәыԥқәа анышьақәгылахо аан, Гагратәи аԥышәа ишазхьаԥшуа, уи иднарбаз ҟалеит азы.

Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа цәыббра аказы ахәыҷқәа ашкол ахь рааира акагьы аԥырхагамхап ҳәа агәыӷра лымоуп.

Хана Гунба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гәынԥҳа аҵарашықәс ҿыц алагаразы: инаскьагахоит ҳәа алаҳәара ҳамаӡам

Сынтәа Ҳ. Ҳ. Чамагәуа ихьӡ зху аԥсуа школ 50 шықәса ахыҵуеит азы, еиҳагьы иҭоурыхтә хҭысхоит шьаҭанкылатәи аргыларақәа рышьҭахь абри ашҭаҟны раԥхьатәи аҵәҵәабжьы гар. Аҵара аҟәша аиҳабы аҭагылазаашьа лхы иархәаны иҭабуп ҳәа ралҳәеит ашкол аргылара иазааԥсаз зегьы, убас аџьшьара рылҭеит зыԥсшьарамшқәа раан арахь иааины аџьабаа збаз арҵаҩцәа.

Ашкол адиректор Хана Гәынԥҳа аргыларақәа цонаҵы уахи-ҽни лылаԥш рхын аусмҩаԥгатәқәа зегьы. Агәаҭаратә комиссиа дшаламызгьы, лгәы зызхьаауаз, ирҽеитәны илбоз лыбжьы ақәлыргон.

"Амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалиааз ашкол аиубилеитә рыцхә азы ашәқәа раартра аҵак ду амазаауеит. Ари ахҭыс ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыԥшуп хәыҷи-дуи. Аиашазы иҟаҵатәу, насгьы инагӡатәу аусқәа шыҟоугьы агәкажьра ҳамаӡам. Арҭ амшқәа ирылагӡаны акәаԥ ҳаргылароуп", - ҳәа азгәалҭеит лара.

Анаҩс аминистр даҭааит Гагратәи ахәыҷбаҳча №1 "Мрамза". Араҟагьы ааигәа акапиталтә ремонт хырқәшан. Иагу шыҟоугьы, аҭагылазашьа ахәыҷқәа рыдкыларазы иманшәалоуп. Аха зыӡбара хымԥадатәиу ауп агәараанда аԥсахра.

© Foto / Саида Жиба Аҵара аминистр Гагра араион иаҭаара
Инал Габлиа Гагратәи аҵара-ааӡаратә обиектқәа рзы: иҟаҵоу маҷым, аха ирыгугьы рацәоуп - Sputnik Аҧсны
Аҵара аминистр Гагра араион иаҭаара

"Аҳәара шәысҭоит агәараанда ҿыц ашьақәыргылараҿы ацхыраара ҳашәҭарц. Ахәыҷқәа ашҭахь ианнаҳго ҳалаԥш шырху ирхуп, акәымзар џьара-џьара иахьеилаҳахьоу икылсуеит ҳәа иалагоит. Насгьы хылаԥшрада ақалақь иалоу алақәа ҭалар, ирзыцҟьар ҳәа ҳшәоит", - агәҭынчымра аалырԥшит ахәыҷбаҳча аиҳабы Белла Кәакәасқьырԥҳа.

Аҵареи, абызшәатә политикеи рзы аминистр Инал Габлиа аколлектив рҿаԥхьа иқәгылаз азҵаарақәа рыӡбараҿы адгылара шриҭо иҳәеит. Убас иазгәеиҭеит иахәҭоу аметодикатә цхыраагӡатәқәа рыла ишеиқәиршәо.

Амш иалагӡаны Инал Габлиа аинспекциатә гәаҭарақәа мҩаԥигеит Цандрыԥшьи Пицундеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0