Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы аҵарҭыша аҭара иҽазишәеит амашьына аԥсҟы зкыз ахаҿы

© SputnikКПП Псоу
КПП Псоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылантәи Аԥсныҟа иҭалоз атәылауаҩ агәҽанҵара иҭан аҵарҭыша аҭаразы аҭакԥхықәра шиқәшәоз азы.

АҞӘА, нанҳәа 18 - Sputnik. Аидарамҩангага машьына Merсedes арныҟәцаҩ Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа ахысраан иҽазишәеит атранспорттә хархәага агәаҭара мҩаԥызгоз аусзуҩцәа аҵарҭыша риҭарц ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Аԥсуа-аурыс ҳәаа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы автомашьына агәаҭара иахысыр акәын залагалара ҟамло атауарқәа рыҟазаара аганахьала.

Амашьына арныҟәцаҩ ихымҩаԥгашьа амашьына иақәу ақәхра ахьиҭахымыз иадиҳәалеит.

Автомашьына аныҟәаратә цәаҳәа аҟынтәи агәаҭарҭахь инаргеит, атауар зегьы ақәырхит. Абри ашьҭахь ауп иара аҳәаа ианахрыжь.

Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысуа атранспорт хархәагақәа, аидарақәа, атауарқәа аҳәаахьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа игәарҭоит:

  • аҳазалхратә идентификациа ахархәагақәа ракзаара анеилаго ма зынӡа ианыҟам;
  • атранспорт хархәага аидараҭыԥ акзаара анеилаго;
  • атранспорт хархәага аидараҭыԥ ахь аҳазалхратә идентификациа ахархәагақәа еиламгакәа рызнеира аналшо;
  • атранспорт хархәагаҿ аҳәаа ахысра еилазго, Урыстәыла азакәанԥҵара Урыстәылаҟа ралагалара ма ралгара ҟалом ҳәа иашьо атауарқәеи аидарақәеи ыҟоуп ҳәа агәаанагара аныҟоу.

Агәаҭараҭкаа мҩаԥыргоит аушьҭырҭатә ҭыԥ азона ҷыдаҿы Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа. Дара азин рымоуп амашьына аԥсҟы зку рдокументқәа ргәаҭара, атранспорттә хархәагеи имҩанырго аидарақәеи иныҭкааны ргәаҭара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0