Аремонт ахь: Аҟәа ахадара Ника лпатефон ахьыҟоу рҳәеит

© Сайт администрации СухумаПатефон Ники
Патефон Ники - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа аскульптор Архип Лабахәуа адырра ҟаиҵеит Аҟәа аԥшаҳәаҿы ишьақәыргылаз акомпозициа ахәҭак - апатефон - идырым аӡәы ишиӷьычыз.

АҞӘА, нанҳәа 19 - Sputnik. Аҟәа аԥшаҳәаҿы ишьақәыргылаз Ника лпатефон ареставрациазы Амуниципалтә унитартә наплакы "Аиқәыршәазаара" аҟны ишьҭоуп, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит аҟны.

Иазгәаҭоуп апатефон нанҳәа 18 рзы аҭыԥ аҟынтәи ишықәгаз, анаҩс ареставрациа ашьҭахь иахьыҟаз ишышьақәдыргыло.

"Апатефон ареставрациа аҭахуп. Ҳара аскульптура автор Архип Лабахәуа ҳаҽимаҳдоит иаҭаху аусқәа рымҩаԥгаразы", - иҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара иатәу АУН "Аиқәыршәазаара" аиҳабы Саид Кәыриԥа.

Уаанӡа аскульптор Архип Лабахәуа адырра ҟаиҵахьан апатефон идырым шьоукы ирӷьычит ҳәа, уи ҿыц аҭарҭәаразы америкатәи адолларқәа 200 аҭахуп ҳәа.

Авандалцәа Архип Лабахәуа искульптурақәа ааха анрырҭахьаз ҟалахьан. Иаҳҳәап, апингвин-философ аԥхьа ишьҭаз ашәҟәи акалами рӡеит, иара убас 2018 шықәсазы Ҭаҷкәым искульптура амца ацрарҵеит, анаҩс зынӡа иқәыргарц иалагеит. Ус аҟаҵара аҵыхәтәаны ирылымшазаргьы, Ҭаҷкәым иҭаҷкәым ахь аӡы зланеиуаз аӡымҩангагақәа ҩба бжьырхит. Аҟәа ахадара ари аскульптура еиҭашьақәдыргылеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0