Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит аԥшьаша, нанҳәа 20 рзы

© Sputnik / Марианна Кубрава Водопроводный кран
Водопроводный кран - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амуниципалтә унитартә наплакы "Аӡыканал" Аҟәа ақалақь Гәыматәи амҩаҿы нанҳәа 20 рзы аремонттә усурақәа мҩаԥнагараны иҟоуп.

АҞӘА, нанҳәа 19 – Sputnik. Аҟәа аӡрыжәтә аанкылахоит аԥшьаша, нанҳәа 20 рзы асааҭ 08:00 инаркны 17:00 рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит АУН "Аӡыканал".

Ӡыда иаанхоит анаҩстәи араионқәа:

  • ВИЕМ,
  • Санчаратәи амҩа,
  • ақалақь агәаны игылоу аҩндуқәа хыхьтәи реихагылақәа рахь.

Уаанӡа АУН "Аӡыканал" Sputnik иазеиҭанаҳәахьан Аҟәа ақалақь аҿы аӡы лассы-лассы идмырцәаларц азы комплексла аӡымҩангагақәа зегьы рыԥсахроуп. Уахь иаҵанакуеит аӡыҭгагақәагьы, аӡеизгарҭақәагьы, аӡымҩангагақәагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0