Аҵара аминистр идҵа: аԥсуа хәыҷқәа аԥсуа школқәа рахь мацара ирыдыркылароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукДень знаний в 2-ой средней школе
День знаний в 2-ой средней школе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Егьырҭ амилаҭқәа рхәыҷқәа иахьырҭаху ашколқәа рахь ирыдыркылар ҟалоит, аԥсуа школқәа рахьгьы убрахь иналаҵаны.

АҞӘА, нанҳәа 23 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа инапы аҵаиҩит иаԥсыуаау ахәыҷқәа иаԥсыуам ашколқәа рахь рыдкылара ҟалом ҳәа зҳәо адҵа. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭарҳәеит аминистрра апресс-маҵзура.

Адҵаҟны ҷыдала иануп иаԥсыуаау ахәыҷқәа иаԥсыуам ашколқәа рахь рыдкылара аанкылазааит 2020 шықәса нанҳәамза 20 инаркны ҳәа.

Апресс-маҵзураҿы излазгәарҭаз ала, ари адҵа ахықәкқәа ҩба амоуп:

  • аԥсуа бызшәа астатуси аҩаӡареи рышьҭыхра;
  • акоронавирустә инфекциа аҿиараан аурыс школқәа рҟны аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара армаҷра.

"Асанитартә ҳақьым хада иҟалҵаз абжьгарақәа инарықәыршәаны, аклассқәа рҟны аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара 20-ҩык иреиҳамзароуп. Ишаадыруа ала, ақалақьқәа рҟны аурыс школқәа роуп еиҳарак иҭәу. 600-ҩык иреиҳамкәа аҵаҩцәа аҵара ахьырҵаша аҭыԥан 1000-1200-ҩык ҭоуп. Убри азы урҭ аурыс школқәа ҳрызхәыцроуп", - рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Аҵара аминистрраҿы иара убас иазгәарҭеит аԥсуа школқәа ахьыҟам араионқәагьы шыҟоу. Урҭ иреиуоуп Гәылрыԥшь араион. Убри инамаданы аԥсуа хәыҷқәа аԥсуа секторқәа рзаартны уахь ирыдыркылалоит.

Аԥсны аҵаратә усбарҭақәа зегьы рҟны аҵаратә процесс цәыббра 1 инаркны иалагап ҳәа ргәы иҭоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0