Аҵәахбанк даҽа офиск атәанчаҩцәа рымаҵ ауразы иаадыртуеит Аҟәа

© Sputnik / Марианна Кубрава Сбербанк Абхазии
Сбербанк Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи атәанчаҩцәа нанҳәамза аҽеиҩшамҭа инаркны Аҵәахбанк ма рымаҵ зуа акоммерциатә банкқәа рҿы мацара ауп ртәанчахәқәа роур ахьрылшо.

АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Атәанчаҩцәа ртәанчахәқәа роур рылшоит Аԥсны Аҵәахбанк ахарҭәаагатә офис аҿы Аҟәа цәыббра 1 инаркны, абри атәы аанацҳауеит абанк асаит.

Аофис аҭыӡҭыԥ: ақалақь Аҟәа, Лакоба имҩаду, № 4, Аҳәынҭавтоинспекциа ақалақьтә ҟәша аҿаԥхьа.

Иазгәаҭоуп атәанчаҩцәа рымаҵ зуа аоперационистцәа рхыԥхьаӡара ишацырҵазгьы, Аҵәахбанк аҟны уеизгьы агәаранқәа шыҟоу. Ахарҭәаагатә офис аҟны иара убасҵәҟьа атәанчаҩцәа рымаҵ рулоит.

Ԥхынгәы анҵәамҭазы Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба адырра ҟаиҵеит нанҳәамза инаркны аурыс тәанчахәи аԥсуа ԥарашәарақәеи роулоит рбанктә хсаалагақәа рахь акәымкәа, Аҵәахбанк акассақәа рҿы мацара, мамзаргьы атәанчаҩцәа ахьҭаҩу егьырҭ акоммерциатә банкқәа рҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0