Арбаика аҳаԥаҿы иҭахаз аспелеолог Демидов иԥсыбаҩ ахаҳәқәа ирыҵыргеит

© Foto / Горная АбхазияГорный массив Арбаика
Горный массив Арбаика  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 29-30 ауха аиқәырхаратә гәыԥ асакаса анакаакразы аҳаԥы азыҟаҵара нап адыркит.

АҞӘА, нанҳәа 30 - Sputnik. Арбаика иҟоу аҳаԥы иҭахаз урыстәылатәи аспелеолог Павел Демидов иԥсыбаҩ ахаҳәқәа ирыҵыргеит ҳәа адырра ҟаҵоуп Урыстәылатәи аспелеологцәа реидгыла асоциалтә ҳа Вконтакте адаҟьаҿы.

Горный пейзаж Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аспелеолог дҭахеит Арбаика иҟоу аҳаԥы аҭалараан

Демидов иԥсыбаҩ макьана аҳаԥы иҭырымгацт, уи азы аҳаԥы аҩнуҵҟа асакаса анакаакразы иазырхиатәуп.

"Иахьа ашьыжь асааҭ хәба рзы аҳаԥы аҭысра иацхраауа амаҭәахәқәа зқәыз амашьына Цандрыԥшьынтә ашьхаҟа идәықәлеит. Адлертәи аиқәырхаҩцәа макьаназы ари аус аҽалархәразы адҵа рмоуцт", – аҳәоит адырраҭара.

Урыстәылатәи аспециалистцәеи аспелеологцәеи инарываргыланы аиқәырхаратә операциа иалахәуп Аԥсны АҶА аспециалистцәагьы. Дара ишырҳәоз ала, аԥсыбаҩ аҭгара мчыбжьык аҟара аамҭа агар ауеит.

Урыстәылатәи аспелеолог Павел Демидов дахьҭахаз аҳаԥаҿы ахаҳә гәалқәа иқәҳаит 305 метра аҵаулараҿы дшыҟаз. 

Урыстәылатәи аспелеолог Павел Демидов Аԥсныҟа аекспедициа дацны дааит Москвантә, иара аспелеологиа даҿын 30 шықәса инареиҳаны. Хыԥхьаӡара рацәала аекспедициақәа мҩаԥигахьеит, Вериовкин иҳаԥы аҭаларагьы уахь иналаҵаны, ари аҳаԥы аҵанӡа инаӡаз агәыԥ анапхгаҩцәа дыруаӡәкын.

Аԥсны иҟоу аҳаԥқәа рыҭҵааразы аекспедициақәа мҩаԥысуеит асовет аамҭақәа раахыс. 1981 шықәса раахыс Асовет Еидгыла аспелеологцәа аҭҵаарадырра-систематә знеишьала аҳаԥқәа рыԥшаара иалагеит. Арбаика ашьхеибаркыра хәҭа-хәҭала еихшан, анаҩс аспелеоклубқәа рыбжьара иалырхит доусы хәҭас иҭырҵаауа.

Гагратәи ашьхеибаркыра аладатәи анаара ахкәакь ҳәа ахьӡырҵеит уи аҳаракырақәа реикәагылашьа иаҿырԥшны. Аҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы араҟа иалкаан архақәа хәба.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0