Раԥхьатәи аҵәҵәабжьы: гагратәи ашкол аргыларақәа рышьҭахь ашәқәа аанартит

© Foto / Музаффар ОстановҲ. Ҳ. Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи абжьаратә школ №1
Ҳ. Ҳ. Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи абжьаратә школ №1 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хышықәса ицоз акапиталтә ргылара ашьҭахь, Гагратәи абжьаратә школ №1 ахәыҷқәа аднакылеит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аҵарадырра амш - цәыбрра 1 аҽны хышықәса ицоз акапиталтә ргылара ашьҭахь ашәқәа аанартит Ҳазараҭ Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи абжьаратә школ №1. Аргыларақәа мҩаԥган Аинвестпрограмма инақәыршәаны.

Актәи акласс ахь иааиз аҵаҩцәа 60-ҩык ыҟоуп, зынӡа ашкол аҿы аҵара рҵоит 450-ҩык. Ари агәырӷьаратә мшы еиҳагьы аҵакы ӷәӷәа анаҭеит аԥсуа школ 50 шықәса ахыҵра иахьақәшәаз рҳәон еизаз зегьы.

© Foto / Музаффар Останов.ацаха ҟаԥшь ԥырҟеит ашкол адиректор Хана Гәынԥҳаи, Гагра араион Ахадара аиҳабы инапынҵақәа нызыгӡо Иури Хагәышьи, аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистр Инал Габлиеи.
Раԥхьатәи аҵәҵәабжьы: гагратәи ашкол аргыларақәа рышьҭахь ашәқәа аанартит - Sputnik Аҧсны
ацаха ҟаԥшь ԥырҟеит ашкол адиректор Хана Гәынԥҳаи, Гагра араион Ахадара аиҳабы инапынҵақәа нызыгӡо Иури Хагәышьи, аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистр Инал Габлиеи.

Ақалақьуаа ирыдырныҳәаларц арахь иааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, аԥыза аминистр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистр Инал Габлиа, Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа, Нхыҵ-Кавказынтәи аделегациа, ахатәгәаԥхаҩцәа Рхеилак ахантәаҩы Сергеи Иахагоев инапхгарала, Аԥсны Афырхаҵа Сулҭан Сосналиев иԥшәмаԥҳәыс Лиудмила Сосналиева, ашкол зыхьӡ аху иҭаацәа, Гагра араион анапхгара, аҭыԥантәи аинтеллигенциа.

© Sputnik / Саида Жиба акапиталтә ргылара ашьҭахь Гагратәи абжьаратә школ №1 ахәыҷқәа ашәқәа рзаанартит
Раԥхьатәи аҵәҵәабжьы: гагратәи ашкол аргыларақәа рышьҭахь ашәқәа аанартит - Sputnik Аҧсны
акапиталтә ргылара ашьҭахь Гагратәи абжьаратә школ №1 ахәыҷқәа ашәқәа рзаанартит

Апандемиа иахырҟьаны ишьақәыргылаз аԥҟарақәа инарықәыршәаны апрограмма ркьаҿын. Аныҳәатә цәаҳәа иалахәыз актәи, аԥшьбатәи, ажәбатәи, ажәеизатәи аклассқәа ракәын.

Асасцәа анеиза, аныҳәатә цәаҳәа аалыртит ашкол адиректор Хана Гәынԥҳа.

"Иахьа Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1 ашәқәа аанартит. Ҳара уи ҳазаԥшижьҭеи акрааҵуан. Аԥсуа школ амилаҭ хақәиҭратә қәԥара иалиааз, аҭоурых ду змоу, ҳажәлар рзинқәа рыхьчара иадҳәалоу хыброуп. Ҳараз Чамагәуа, Чынчор Агрба, Борис Кьехьыриԥа, Закан Агрба уҳәа реиԥш иҟаз ирыбзоуроуп ашьаҭа акра. Иазгәоумҭарц залшом, иахьа ҳашкол ахьҭагылоу аҵакыра, Гагра ақалақьуаҩ Маџьыҭ Быҭәба идгьыл шакәыз. Иара аԥсуа школ аргылара иалагоит, аҭыԥ иашьҭоуп ҳәа аниаҳа, иҭаацәа иманы ашҭа дынҭыҵит, абраҟа ашкол ргылахааит иҳәеит. Ас ҟазҵо зыԥсадгьыл ԥсыцқьарыла иазыҟоу, зыжәлар ирызхәыцуа иоуп. Сара ҳҵаҩцәа зегьы аиҳабыратәи абиԥара рҿырԥштәы бзиа иацныҟәаны, Аԥсны иаԥсоу ҵеицәаны иазгыларц сҭахуп. Иҭабуп ҳәа расҳәоит ҳашкол аргылара иазааԥсаз зегьы, ҷыдала Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара", - лҳәеит лара.

Еизаз зегьы ари ахҭыс ду рыдиныҳәалеит атәыла Ахада Аслан Бжьаниа.

"Гаграа иахьа аныҳәа ду шәаԥылоит. Агәра згоит ари амш ахәыҷқәа шәгәы хыҭ-хыҭуа шәшазыԥшыз. Шықәсыбжак ҵуан шәҩызцәеи, шәырҵаҩцәеи шәымбеижьҭеи. Ҳара иаҳхамшҭроуп аҳақьымцәа рабжьгарақәа, ҳгәабзиара ҳацклаԥшлароуп. Ари аҭагылазаашьа хьанҭа ҳхазаршҭуа аамҭагьы ҟалоит. Гагратәи абжьаратә школ №1 ргылоуп аинвестпрограмма инақәыршәаны. Аныҳәа иалахәу ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин иахь схы нарханы, иҭабуп ҳәа иасҳәоит Урыстәыла иаанарԥшуа ацхырааразы", - ҳәа иҳәеит атәыла Ахада.

© Sputnik / Саида Жиба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа
Раԥхьатәи аҵәҵәабжьы: гагратәи ашкол аргыларақәа рышьҭахь ашәқәа аанартит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин ашкол аргылара рыдныҳәало иҳәеит аинвестпрограмма ԥхьаҟагьы ишацҵахо, Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа иҵегьгьы ишырӷәӷәахо.

© Sputnik / Саида Жиба Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин
Раԥхьатәи аҵәҵәабжьы: гагратәи ашкол аргыларақәа рышьҭахь ашәқәа аанартит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин

Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистр Инал Габлиа ашкол адиректори, арҵаҩратә еилазаареи аҵаҩцәеи дрыдныҳәало ҳамҭас ашкол иазынижьит асахьаҭыхымҭа. Нхыҵ-Кавказтәи асасцәа ҳамҭас иааргеит Аԥсны Афырхаҵа Сулҭан Сосналиев ипортреҭ.

Аԥсуа школ ашьаҭаркыҩцәа рыгәҭа игылаз, раԥхьатәи арҵаҩцәа иреиуаз апоетесса Белла Барцыцԥҳа еиҭалҳәеит шаҟа иуадаҩыз ашкол аргылара, усҟан арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи радыԥхьалара, аха уеизгьы 1970 шықәсазы Гагра ақалақь агәҭа, аԥсуа милаҭтә школ агәеисыбжь геит, иқәыҩуа иалагеит ахатәы бызшәа.

Гагра араион Ахадара аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышь иазгәеиҭеит иахьатәи амш аҵак ду шамоу, аџьабаа ду шацу.

"Сара иҭабуп сҳәоит ҳастратегиатә ҩыза ду Урыстәылатәи Афедерациа аганахь ала иҳарҭаз ацхырааразы. Аԥсуа школ еснагь иҳаракны иныҟәнагон апатриот ду Ҳараз Чамагәуа ихьӡ. Арҭ аҭыӡқәа рҿы ирызҳаит, аҵара рҵеит абиԥарақәа жәпакы. Урҭ рахьтә имаҷҩым ԥсыцқьарыла аҳәынҭқарра амаҵ азызуа, аԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагылазгьы, бџьарла аӷа иҿагылаз ирылан абри аԥсуа школ аушьҭымҭацәагьы", - ҳәа азгәеиҭеит Иури Хагәышь.

© Foto / Музаффар ОстановҲ. Ҳ. Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи абжьаратә школ №1
Раԥхьатәи аҵәҵәабжьы: гагратәи ашкол аргыларақәа рышьҭахь ашәқәа аанартит - Sputnik Аҧсны
Ҳ. Ҳ. Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи абжьаратә школ №1

Еиҳаби-еиҵби рықәгыларақәа рышьҭахь, игеит раԥхьатәи аҵәҵәабжьы, еизаз рҿынархеит Ҳараз Чамагәуа ибарельеф аартрахь, уи рнапы ианҵан иашьа гәакьа Александр Чамагәуеи имоҭа Инал Хышбеи. Аҭынхацәа рыхәҭакахьала аџьшьара рырҭеит Ҳараз Чамагәуа дызхамшҭуа зегьы, уимоу ихьӡ ҳаракны иахьыршьо.

Ашьҭахь, ацаха ҟаԥшь ԥырҟеит ашкол адиректор Хана Гәынԥҳаи, Гагра араион Ахадара аиҳабы инапынҵақәа нызыгӡо Иури Хагәышьи, аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистр Инал Габлиеи.

Аобиект шьаҭанкыла аргыларазы раԥхьанатә ишьақәыргылаз абиуџьет 500 миллион ыҟан, анаҩс хышәи бжаки рҿынӡа ианаркьаҿха, апроект аҿы иҟаҵатәны иарбаз ахьтә ианыххаз ҟалеит, убарҭ иреиуахеит атрансформаторгьы. Ари азҵаараҿы аекономика аминистр Кристина Озган адгылара шрылҭо аколлектив агәра длыргахьан. Ихарҭәаау асметаҿы иарбаны, ашықәс ҿыц аҟынӡа ишышьақәыргылахо аҳәамҭа ҟаҵоуп.

Ашкол аҵакыраҿы иҭагылоуп: хԥа-хԥа еихагыла змоу аҵаратә корпусқәа ҩба, убас еихагылакны иҟоу аспорттәи, акттәи залқәа. Дара еиԥшьуп иарку аиасырҭақәа рыла. Ашкол иаднакыларц алшоит 650-ҩык аҵаҩцәа.

Аргыларақәа цонаҵы лассы-лассы агәаҭаратә комиссиақәа ааиуан. Аҵыхәтәаны, аобиект даҭааны ибеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Михаил Бабич. Усҟан, ашколтә библиотека афонд иагыз Урыстәыла иҭрыжьуа ашәҟәқәа раиуразы, адгылара шыҟаиҵо иҳәеит.

© Foto / Министерство экономики Республики Абхазия Ҳ. Ҳ. Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи абжьаратә школ №1
Раԥхьатәи аҵәҵәабжьы: гагратәи ашкол аргыларақәа рышьҭахь ашәқәа аанартит - Sputnik Аҧсны
Ҳ. Ҳ. Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи абжьаратә школ №1
Ажәабжьқәа зегьы
0