Аԥснынтәи Урыстәылаҟа контрабандала ииаргоз аҭаҭын аалыҵ аанкылоуп

© Foto / Пресс-служба Южного военного округаСочинскими таможенниками пресечен незаконный ввоз в Россию 1100 пачек табачной продукции.
Сочинскими таможенниками пресечен незаконный ввоз в Россию 1100 пачек табачной продукции. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәачатәи аҳазалхыҩцәа 34 шықәса зхыҵуаз Аԥсны атәылауаҩ икабриолет аҿы ирбеит закәаншьаҭада имҩанигоз аҭаҭын аалыҵ.

АҞӘА, цәыббра 4 - Sputnik. Шәачатәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа контрабандала ииаргоз 1100 пачка аҭаҭын аалыҵ ааныркылеит ҳәа аанацҳауеит Шәачатәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" автомобилтә цәаҳәаҿы иаанкылан BMW-3301, аԥснынтәи Урыстәылаҟа ицоз. Аҳазалхыҩцәа акабриолет аҿы ирыԥшааит 110 ҭоԥ асигареҭ - 1 100 пачка, 22 000 цыра.

Акабриолет зтәыз, 34 шықәса зхыҵуаз Аԥсны атәылауаҩ аҳазалхратә усбарҭахь адекларациа наимышьҭит, адекларациа зҭаху атауар сымам ҳәа реиҳәеит. Иара иажәақәа рыла, асигарет ихатә хархәаразы иаахәан, аха аҭаҭын аалыҵ аҳәаа ахыгараз аԥкырақәа шыҟаз дырны иҵәахит.

Атауар имхны аекспертизахь инашьҭын. Административтә зинеилагара ҳәа аусҭҵаара хацыркын.

2020 шықәса иаалагазар, Шәачатәи аҳазалхыҩцәа закәаншьаҭада аҭаҭын аалыҵ аҳәаа ахыгаразы 190 ус аадыртхьеит, 500 000 сигареҭ измаз ирымырххьеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0