Ар ҟаԥшьаа рыԥсыбаҩқәа рыԥшааразы Аԥсны ашьхараҿ аекспедициа аусура иалагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАр ҟаԥшьаа рыԥсыбаҩқәа рыԥшааразы Аԥсны ашьхараҿ аекспеициа аусура иалагоит
Ар ҟаԥшьаа рыԥсыбаҩқәа рыԥшааразы Аԥсны ашьхараҿ аекспеициа аусура иалагоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аекспедициа 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазкуп.

АҞӘА, цәыббра 4 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аибашьцәа рыԥсыбаҩқәа рыԥшаара хықәкыс измоу аекспедициа аусура иалагеит цәыббра 4 рзы Аԥснытәи ашьхараҿы ҳәа ҳзаалыцҳаит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи адиректор Мзиа Беиаԥҳа.

Поисковая экспедиция Санчара. Высокогорный фронт-2017 - Sputnik Аҧсны
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿ иҭахаз рыԥсыбаҩқәа рыԥшаара иацҵоуп

Ари аекспедициа амузеи анапхгара еиҿыркааит. Иара хықәкыс иамоуп Аԥсны ашьхақәа рҿы еибашьуаз асолдаҭцәеи аофицарцәеи рыԥсыбаҩқәа анышә рамадара.

Мзиа Беиаԥҳа иазгәалҭеит аекспедициа алахәылацәа шақәгәыӷуа амузеи афонд артефакт ҿыцқәа рыла ихаҭәаап ҳәа.

Аекспедициа мҩаԥгахоит Аладатәи Марыхә иахьаҵанакуа. Амузеи адиректор лажәақәа рыла, зыхьӡ змырзаз џьоукы аибашьра ҭыԥқәа ркоординатқәа рзаарҭиит.

"Арҭ ауаа ҳара иаадыруеит, аха инарҭбааны рыхьӡ рҳәар рҭахым. Иҳарҭаз аинформациа ҳхы иаҳархәар ҳҭаххеит. Ҳаԥшьгара адгылара анаҭеит Атәылахьчара аминистрра. Хәыда-ԥсада авертолиоти афатәи ажәтәи ҳарҭеит. Адгылара ҳаиҭеит аминистр Владимир Ануа, ихаҭыԥуаҩ Нодар Аҩӡба, иара убасгьы акультура аминистр Гәдиса Агрба. Аекспедициа шеиҿаҳкаауаз заҳаз зегьы ирылшоз ацхыраара ҟарҵеит", - ҳәа еиҭалҳәоит Мзиа Беиаԥҳа.

Аекспедициа иалахәуп жәҩык. Ԥшьҩык амузеи аусзуҩцәа роуп. Иара убасгьы иара далахәуп антрополог, Урыстәыла аԥшааратә еиҿкаара ахаҭарнак Иулиа Кузнецова.

Кандидат медицинский наук,судмедэксперт Геннадий Бобуа работает с обнаруженными останками - Sputnik Аҧсны
Жәеизаҩык асовет аруаа Ԥсҳәы ақыҭан ижуп

"Ҭабуп ҳәа лаҳҳәоит Иулиа Кузнецова. Ҳҭагылазаашьа шымариамыз азгәаҭаны ҳаахәатәқәа рыхәҭак лхахьы илгеит", - ҳәа азгәалҭеит Беиаԥҳа.

Аекспедициа напхгара аиҭоит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи адиректор лхаҭыԥуаҩ Николаи Медвенски.

Аекспедициа хыркәшахоит цәыббра 7 рзы.

Ари аекспедициа Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи имҩаԥнаго раԥхьатәи експедициам. 2016 шықәса рзы Санчаратәи ахыҵырҭаҿы иԥшаан 33 ԥсыбаҩ. Урҭ нас Ԥсҳәы ақыҭаҿы анышә иамадан. Аамҭақәак рышьҭахь Ԥсҳәы иахьаҵанакуаз имҩаԥгаз аекспедициаан иԥшаан 11 ԥсыбаҩ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0