"Аԥсны агәадура" афинал ахь инеиз Александр Ачба Алхас Кәыҵниа ицхырааҩс дҟарҵеит

© Foto / Facebook/Послы доброй воли АбхазииПобедитель конкурса "Гордость Абхазии" Александр Ачба назначен помощником главы Администрации Президента РА
Победитель конкурса Гордость Абхазии Александр Ачба назначен помощником главы Администрации Президента РА - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы ицхырааҩс иҟарҵаз Александр Чачба аицлабра "Аԥсны агәадура" аҟны ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит.

АҞӘА, цәыббра 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы Алхас Кәыҵниа акоррупциаҿагыларатә политика азҵаарақәа рзы ихатәы цхырааҩс дҟаиҵеит аицлабра "Аԥсны агәадура" аҟны ахԥатәи аҭыԥ аанызкылаз Александр Чачба.

Победитель конкурса «Гордость Абхазии-2020» Абзагу Цвижба назначен советником министра культуры Абхазии - Sputnik Аҧсны
Апроект "Аԥсны агәадура" афиналист акультура аминистр иабжьгаҩыс дҟаҵоуп

"Сара усс рыуа иҟасҵар акәу усҟак аҵакы амаӡам, зегь реиҳа ихадоу - стәылазы ихәарҭоу ак аҟаҵара ауп, ари аицлабрахь саннеиуаз, уи акәын сыгәгьы иҭаз", - иҳәеит Александр Ачба Sputnik аинтервиу анеиҭоз.

Александр Ачба иаку аинформациатә система "Аахәамҭақәа" аԥҵара аус адиулалоит, уи асистемаҿы иаарԥшхоит аҳәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы рныхымҭақәа, иара убас атендерқәа рымҩаԥгаразы аинформациа.

"Сгәанала, ари ахырхарҭа акраҵанакуеит, избанзар, иаагозар, Ихьыԥшым атәылақәа реидгылаҿы аԥара рацәаны ус баша инырхуеит, лҵшәа рмоукәа. Ҳара ҳҿы усгьы алшарақәа имаҷуп. Убри азы аҳәынҭқарра иннахуа ахарџьқәа хаҳара ахьынӡарымоу иацклаԥшуа амеханизм есымшагьы хәарҭара амазаауеит", - ҳәа азгәеиҭеит Ачба.

"Аԥсны агәадура" - анапхгараҭаҿы аус зур зылшо аҿар реицлаброуп, уи хықәкыс иамоуп Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы абаҩхатәра злоу аҿар раарԥшреи рыдгылареи. Аиҿкааҩцәа ргәы излаҭаркыз ала, ари аицлабра анапхгаҩцәа ҿарацәа рзы социалтә цхыраагӡахоит, шьаҭасгьы иазыҟалоит ламыс злоу, зус здыруа абиԥара ҿа рыбзоурала аҳәынҭқарратә аппарат арҿыцра.

Президент Абхазии провел встречу с Иналом Ардзинба - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа: аицлабра "Аԥсны агәадура" анапхгаҩ ҿарацәа аанарԥшыроуп

Мызқәак раахыс имҩаԥысуаз анапхгаҩ ҿарацәа реицлабра "Аԥсны агәадура" хыркәшахеит нанҳәа 25 рзы, уи аҟны иаиааиз хәҩык рыхьӡқәа рыларҳәеит Аҟәа. Аицлабраҿы аиааира згаз алкаан алахәцәа рфинлатә реитинг алҵшәақәа рыла, иара шьақәгылон 70% аконкурстә комиссиа рыхәшьаралеи, 30% онлаин-бжьыҭаралеи.

Ауаа рыбжьыҭареи аконкурстә комиссиа рыхәшьареи неилаҵаны актәи аҭыԥ ааникылеит Саид Беиа, аҩбатәи – Асҭамыр Қәҭарба, ахԥатәи – Александр Ачба, аԥшьбатәи – Алмахсиҭ Осиа, ахәбатәи – Абзагә Ҵәыџьба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0