Аԥсшьаҩцәа маҷӡам: Гагра акурорттә сезон иашыкьымҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукТуристы в Гагре
Туристы в Гагре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мызкы инацны иҵуеит Гагра ақалақь акурорттә сезон иалагеижьҭеи. Уажәшьҭа аԥхынрагьы ииасит, аха асасцәа рхыԥхьаӡара улаԥш аҟны еиҵахом лҳәеит Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа. Лара аԥсшьара аамҭа шымҩасуа иазкны иҟалҵаз згәаҭарақәак шәрыԥхьа иазлырхиаз анҵамҭаҿы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ишдыру еиԥш, Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа анаартха, нанҳәа акы инаркны ҳтәылахь иаауа иалагеит раԥхьатәи аԥсшьаҩцәа-ахатәгәаԥхаҩцәа. Иахьа мызкы инеиҳаны иҵуеит Гагра ақалақь акурорттә сезон алагеижьҭеи. Ари аамҭа иалагӡаны аԥсшьарҭа ҩнқәеи, асасааирҭақәеи, ахатәы ҩнқәеи рахь аасҭа, ҽнактәи ныҟәарала иааз еиҳа ирацәаҩуп уҳәар ауеит. Избанзар уахи-ҽни ақалақь аҿы улаԥш иҵашәо атуристцәа рхыԥхьаӡара еиҳауп, ауаҭахқәа амызхуа раасҭа.

Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Гагра цәыббрамзазы аԥсшьара ахьеиӷьу аҭыԥқәа жәаба ирыҵанакит

Сара ахатәы ҩны аҟны сынхоит азы, исымоуп алшара атуристцәа рыдкыларазы. Аха иахьа иааҳакәыршаны ақалақьуаа рынхара дырҭбаауеит, ауадақәа ацырҵоит, убас ахатәы сасааирҭақәа рацәахеит. Иаҳҳәап, х-уадак азҭоз аԥшәма, есышықәса иҭацәны иҟамлозҭгьы, уажәы даҽа хәба ациҵазар, хымԥада иуадаҩхоит уаала рырҭәра. Избанзар иара иеиԥш егьырҭгьы рҽеиҵырхит. Иаауа асас иалихша имоуп, игәы иахьақәшәо дцоит.

Даараӡа ирацәаҩуп ҽнактәи ныҟәарала Гаграҟа иаауа. Атуристцәа ирзыманшәалахеит Ҭҟәаԥси Гагреи ирыбжьалаз аретро-дәыӷбала аекскурсиа ҳасабала ҳақалақь аҭаара. Убас Шәачеи Адлери зыԥсы зшьо ахәаахәҭразы иаауеит.

"Гагра зыԥсы зшьахьаз ҳҩызцәа иҳабжьаргеит ҳаргьы арахь ҳаарц, аха сынтәа Адлер ҳаанҿасит. Амала ҳнаԥшааԥшырц Гагра ҳаҭааит. Раԥхьа иргыланы аԥсуа чыс агьама ҳбеит аԥацхаҿы. Асасааирҭахь ҳахьцогьы ачашәқәа аахәаны иаҳгоит. Убас ҳҩызцәа ахьыҩназ аԥшәмацәа рҿы аҩи, ауаҭкеи, аџьыкеи ҳгеит. Уиаҟара ҳзымныҟәазаргьы, амшын аԥшаҳәахьы ҳалбааит. Даара иаҳгәаԥхеит аԥсабара. Иааиуа ашықәс азы хымԥада Гараҟа ԥсшьара ҳаауеит", - рҳәеит ҽнактәи атуристцәа Иринеи Николаи.

Хә-сааҭк рыла: атуристтә ретро-дәыӷба Гагра ишаԥылаз - Sputnik Аҧсны
Хә-сааҭк рыла: атуристтә ретро-дәыӷба Гагра ишаԥылаз

Аибашьра ашьҭахь, Гагра курорт ҳасабала асасцәа аднакыло ианалага нахыс, шықәсык бжьамырхакәа ԥсшьара иаауа иреиуоуп Нинеи Андреи. Дара Казань инхоит. Рҩыџьагьы Аԥснытәи аҳауа рнаалоит азы, аԥхынра мызкы араҟа иаанхоит. Анхараҭа ҭыԥгьы ргәы азыҳәо иҟоуп.

Акурорттә аамҭазы аԥсшьаҩцәа здызкыло Роза Ажьиԥха илҳәеит сынтәатәила уаҩ дшылзымааихьоу.

"Абжьааԥны, ауада ашәҭома ҳәа ҳгәашә иаадгылон. Сынтәа аӡәызаҵәык ихабаргьы ыҟам. Иуԥыхьашәогьы иаҳдыруа рахь ҳцоит рҳәоит. Ауаа бжьызго (посредник - аред.) ракәзар, урҭ уара иуго аҟара иаҳәоит. Зқьы хәышә ҳәа иасҭо ауада иара имшала хнызқь сҳәар иаангылода. Абас ауадаҩрақәа ҳазцәырҵуа иалагеит ахатәы ҩнқәа рҿы аԥсшьаҩцәа здызкыло", - ҳәа лгәынамӡара аалырԥшит аԥҳәыс.

Акурорттә обиект дуқәа рҟны аусуратә система еиҿкаауп. Урҭ путиовкала ирзаауеит. Ахатәы сасааирҭақәа ракәзар, еиҳарак аинтернет иҭаргало аӡыргара иаднаԥхьалоит атуристцәа.

Отдых в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Ацагьы ахьшәашәагьы иабылуа…

"Ҳсасааирҭа маҷ ахыбреи, аҵакыреи, ауадақәеи уҳәа кәакьцԥхьаӡа афото ҭыхны аинтерент асаитқәа рахь иҭаҳгалоит. Иадҵаало заанаҵы апроцент шәаны, ауадақәа ааныркылоит. Иҟоуп еиӷьу, мамзаргьы еиҳа зыхә лаҟәу баны, нас ҳара ҳтәы мап ацәызкуа", - ҳәа азгәалҭоит хәышықәса администраторс ахатәы сасааирҭаҟны аус зуа Сусанна Ҵәыџьԥҳа.

Адунеи иалаҵәаз ачымазара акоронавирус аҽацәыхьчаразы аԥҟарақәа ртәы уҳәозар, изаҳӡари, ирықәныҟәо маҷӡоуп. Аха иҟоуп аӡәык-ҩыџьак, еиҳарак асабицәа змоу, сынтәа аԥсшьаҩцәа рыдкылара мап ацәызказ.

"Аԥарагьы бзиоуп, аха агәабзиара узаахәом. Излауа ала, ҳҭаҵәахқәа рыла сынтәа ҳхы ҳбап. Ахацәагьы уск руп. Нас бзиарак шԥаҟамлари", - ҳәа ихәыцуеит дара.

Акоронавирус атәы салацәажәо, иазгәасымҭарц залшом сара сысасцәа агигиена ишацклаԥшуа. Ахархәара шарҭо арзҩыдаратә маҭәашьарқәа. Ныҟәара ианцо иныҟәыргоит асабрадақәеи анапхазқәеи. Дареи ҳареи асоциалтә бжьаӡара азгәаҳҭоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0