Аԥсны имҩаԥгахараны иҟаз анхаратә программа анагӡара 2021 шықәсахьы иахыгоуп

CC0 / / Ключи в замке
Ключи в замке  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә программақәа "Аԥсны атәылауаа ркатегориақәак нхарҭаҭыԥла реиқәыршәаразы", "Анхарҭаҭыԥ-2021" рзы акомиссиа аусура аанкылан 2020 шықәса хәажәкырамзазы акоронавирус алаҵәара инадҳәаланы.

АҞӘА, цәыббра 9– Sputnik. Аҳәынҭқарратә программақәа "Аԥсны атәылауаа ркатегориақәак нхарҭаҭыԥла реиқәыршәаразы", "Анхарҭаҭыԥ-2021" рынагӡара аҿҳәара иахыгоуп иааиуа ашықәс ахь ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба.

"Анхарҭаиуратә программақәа ирылахәу рырзаҳалқәа ҭызҵаауа акомиссиа аусура аамҭала иаанкылоуп. Убри аан арзаҳалқәа рыдкылара мҩаԥаагоит. Ирацәаҩуп здокументқәа назгахьоу. Убри аан анхарҭаҭыԥқәа аӡәгьы иҭам сынтәатәи ашықәс азы. Апрограммақәа хышықәса ҳәа аусура иаларган. Сынтәа аӡәгьы анхарҭа ахьиҭам азы акомиссиа аусура 2022 шықәса рҟынӡа инахоуп", - иҳәеит аминистр.

Аҳәынҭқарратә программақәа "Аԥсны атәылауаа ркатегориақәак нхарҭаҭыԥла реиқәыршәаразы", "Анхарҭаҭыԥ-2021" рзы акомиссиа аусура аанкылан 2020 шықәса хәажәкырамзазы акоронавирус алаҵәара инадҳәаланы.

Рашәара 3 рзы аԥыза-министр Александр Анқәаб аҳәынҭқарратә программақәа рдокументациақәа ҭҵааны Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба инапы ианиҵеит урҭ хра рыманы иҟоуи иҟамуи ахәшьара аиҭарц, ацҵара аԥсаны иҟоу иҟаму азгәеиҭарц.

Руслан Аджба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аџьба ауааԥсыра нхарҭаҭыԥла реиқәыршәара апрограммазы: аусура даҽа шықәсык инахахоит

Апрограмма "Анхарҭа–2021" инақәыршәаны, 2019 шықәса рзы 318 рзаҳал ыҟан. Урҭ рҟынтәи 42 рзаҳал нагӡазарц иақәшаҳаҭын. Абас ала, 2019 шықәса рзы анхарҭаҭыԥ иазгәаҟуаз 54 уада рзаахәан.

Апрограмма "Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа хаз игоу ркатегориақәак нхарҭала реиқәыршәаразы" аҳәаақәа ирҭагӡаны анхарҭаҭыԥ роур алшоит: I агәыԥ аинвалидцәа, 1992-1993 шықәсазтәи аибашьра I агәыԥ аинвалидцәа, 1992-1993 шықәсазтәи аибашьраан иҭахаз рҭаацәарақәа, змаҵуратә напынҵақәа рынагӡараан иҭахаз рҭаацәарақәа, хабарда ибжьаӡыз рҭаацәарақәа, ԥшьҩыки ԥшьҩык инареиҳани ахшара змоу аҭаацәарақәа.

Апрограмма "Анхарҭа-2021" иазԥхьагәанаҭоит ишәоу аԥара архынҳәра. Иарала анхарҭаҭыԥқәа роур ҟалоит: 1992-1993 шықәсазтәи аибашьра II агәыԥ аинвалидцәа, хҩыки хҩык инареиҳани ахшара змоу, ахәыҷы инвалид дызмоу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0