Артиом Амқәаб иԥсҭазаареи ирҿиареи ирызку ашәҟәы ӡырган Аҟәа

© Foto / из архива Екатерины БебияСотрудники АР в 70-е годы, старший редактор Артем Амкуаб, корреспонденты Владимир Хашба, Елена Гунба, Семен Адлейба, выпускающая программ Тамара Хишба
Сотрудники АР в 70-е годы, старший редактор Артем Амкуаб, корреспонденты Владимир Хашба, Елена Гунба, Семен Адлейба, выпускающая программ Тамара Хишба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәҟәы "Артиом Амқәаб. Аԥсҭазаареи арҿиареи" ажурналист диижьҭеит 110 шықәса аҵра иазкуп. Автор Владимир Ҳашба Артиом Амқәаб иԥсҭазаареи ирҿиамҭақәеи дрылацәажәоит дыздыруаз ауаа ргәалашәарақәа ацҵаны.

АҞӘА, цәыббра 11 – Sputnik. Артиом Амқәаб иԥсҭазаареи ирҿиареи ирызку ашәҟәы ӡырган Аҟәа, Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы цәыббра 11 рзы.

Ашәҟәы автор Владимир Ҳашба акыршықәса аус иуан Артиом Амқәаб инапхгарала.

"Ажурналистикаҿ лшара ҳәа акыр сыманы иҟазар, изыбзоуроу иара иоуп. Иахьа уажәшьҭа имаҷуп Артиом Амқәаб дызгәалашәо ауаа. Уи ауп ашәҟәы аҩрагьы салазыргаз. Аматериал аизакра саналага, избеит акыр ишыуадаҩыз. Аиҳарак иара агазеҭқәеи ажурналқәеи рҿы акәын иҩымҭақәа ахькьыԥхьыз. Уи адагьы иаҳхысыз ашәышықәсазы ашрифт изныкымкәа, иҩынтәымкәа ирыԥсаххьан. Иҟан кириллица, алатын, ақырҭуа шрифтқәа рыла икьыԥхьыз", – ҳәа еиҭеиҳәоит Владимир Ҳашба.

Владимир Ҳашба хәҭа-хәҭала Артиом Амқәаб иԥсҭазаара дазааҭгыланы далацәажәоит. Иара иажәақәа рыла, ара иҟоу Артиом Амқәаб иԥсҭазаара аҭоурых амацара акәӡам, Аԥсны усҟантәи аамҭа аҭоурых ауп.

Владимир Ахашба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аҳашба ашәҟәы "Артиом Амқәаб иԥсҭазаареи ирҿиамҭақәеи" азы: ажурналист ду иажәа аанхарцаз

"Сара исҭахуп ҳжурналистцәа Артиом Амқәаб иӡбахә рдыруазарц, илагала ахә ршьозарц. Абиԥарақәа еимадазароуп", - иҳәеит иара.

Артиом Амқәаб диит Кәыдрытәи аучасток иатәыз Маркәыла ақыҭан 1909 шықәса рзы. Аҟәатәи арҵаҩратә техникум доушьҭымҭан. 30-тәи ашықәсқәа раан "Аԥсны ҟаԥшьи" Аԥсуа радиои рҿы аусура еидибалон. Нас иҵара иациҵеит Москва.

Аинститут даналга "Аԥсны ҟаԥшь" ахь дхынҳәит. 1953 шықәса инаркны аҵыхәтәантәи имшқәа рҟынӡа Аԥсуа радио редакторс даман.

Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ ҳәа ахьӡ ҳарак ихҵан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0