Акоронавирус зыдбало апациентцәа ирныруаз аҳақьымцәа рҽыԥхьакра аамҭа ркьаҿуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа иалагалаз азыԥҵәа инақәыршәаны, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны акоронавирус зыдбало ачымазцәа ирныруаз аҳақьымцәа ихымԥадатәиу жәиԥшьымштәи аҽыԥхьакра ицон.

АҞӘА, цәыббра 12-Sputnik. Гәдоуҭатәи аковид-центр аҟны аҿкы чымазара зыдбало апациентцәа ирныруаз аҳақьымцәа аҽыԥхьакра ицоит мчыбжьык, абри атәы иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа, Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҟны.

Аминистр иазгәеиҭеит, арҭ аԥҟарақәа азԥҵәа шьақәнарӷәӷәеит Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара (ВОЗ-аред.).

"Ари ишьақәырӷәӷәо аԥкаанҵоуп", - иҳәеит Ҵахнакьиа.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны COVID-19 аҿагылара рнапы алакуп 180-ҩык аҳақьымцәа, атәыла араионқәа ахәышәтәырҭақәа русзуҩцәа рыла еиҿкаау абриагадақәа.

Уажәаԥхьа, "ацәаҳәа ҟаԥшь" иахысуаз аҳақьымцәа ҩымчыбжьтәи акарантин ахь ирышьҭуан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0