Аҟәатәи ашколқәа рҵаҩцәа жәаҩык COVID-19 рыдбалоуп

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКарантин в школах
Карантин в школах - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашколқәа рҟны аҵарашықәс иалагеит цәыббра 1 азы. Аҵаратә процесс аиҭакрақәа алагалоуп акоронавирустә инфекциа алаҵәоит ҳәа иҟоу ашәарҭара иахҟьаны.

АҞӘА, цәыббра 12 - Sputnik. Цәыббра 11 азы иҟоу адыррақәа рыла, аҟәатәи абжьаратә школқәа рҵаҩцәа жәаҩык акоронавирус чымазара рыдбалоуп, абри атәы Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҟны илҳәеит Аҟәа ақалакь аҵара аҟәша аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа.

Ҭаркьылԥҳа лажәақәа рыла, ҩажәаҩык арҵаҩцәа аҽԥхьакра ишьҭуп. Иара убас, аҽԥхьакры ицеит 60-ҩык ашколхәыҷқәа.

"Класск аҟны ҵаҩык ачымазара идбалазар, акласс зегьы ҩымчыбыжь аҽԥхьакра ицоит", - лҳәеит Ҭаркьылԥҳа.

Аҟәа ақалакь аҵара аҟәша аиҳабы иазгәалҭеит, ашколқәа зегь рыҟны акоронавирустә инфекциа ахҭысқәа рцәырҵреи ралаҵәареи иадҳәалоу ашәарҭарақәа рырмаҷра алзыршо аԥҟара-абжьгарақәа ишрықәныҟәо: актәи акласс аҟны аурок 30 минуҭ еиҳам, 2-11 аклассқәа рҟны- 35 минуҭ. Аԥсшьара аамҭа 10-15 минуҭ, аклассқәа аҳауа рыҩнарсразы.

Иара убас аԥсуа телехәаԥшра аефир аҟны Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа иҳәеит, ҳтәылаҿы ишыҟоу хҩык ҩынтәны акоронавирус зыдбало.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0