COVID-19 змаз аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукКарета скорой помощи
Карета скорой помощи  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны акоронавирус рыдбалоуп 674-ҩык. 186 пациент ргәабзиара шьақәгылеит, быжьҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит.

АҞӘА, цәыббра 15 – Sputnik. Аҟәа, цәыббра 13 рзы акоронавирус змаз аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперштаб.

Апациентка 84 шықәса лхыҵуан, аҩны лхы лхәышәтәуан рҳәеит аштаб аҿы.

"Аҩныҟа инеиз ацхыраара ласы абригада лшьаҿы аҵәыҵәри 55-60 процент шакәыз азгәарҭеит, аҳауа лызхомызт. Оперативла имҩаԥгаз оксигенотерапиа аҵәыҵәри 72-78 процент ханагалеит, аха ахәышәтәырҭахь амҩа данықәыргала лгәы аангыланы лыԥсҭазаара далҵит. Ареанимациатә уснагӡатәқәа хра рмоуит", - аҳәоит аштаб адырраҭараҿы.

Ари Аԥсны аҵакыраҿы акоронавирустә инфекциа иахҟьаз абыжьбатәи ԥсыҭбароуп. Иахьазы авирус рыдбалоуп– 674-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0