АЦәЗ аҿы иаздырхиоит ацәыргақәҵа "Асахьаҭыхыҩ. Аамҭа. Агәалашәара." аекспозициа

© Sputnik / Марианна КубраваАЦәЗ аҿы иаздырхиоит ацәыргақәҵа "Асахьаҭыхыҩ. Аамҭа. Агәалашәара." аекспозициа
АЦәЗ аҿы иаздырхиоит ацәыргақәҵа Асахьаҭыхыҩ. Аамҭа. Агәалашәара. аекспозициа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацәыргақәҵа рызкуп 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира Амши 1941-1945 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира Амши.

АҞӘА, цәыббра 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵатә Зал аҿы иаздырхиоит цәыббра 22 асааҭ 13:00 рзы иаартхо ацәыргақәҵа "Асахьаҭыхыҩ. Аамҭа. Агәалашәара"аекспозициа.

Ацәыргақәҵа аартра мчыбжьык шагу имҩаԥысуеит актив усура: аекспонатқәа рҭыԥқәа рҿы идыргылоит, икнарҳауеит. Ара еизго асахьақәа еидызкыло аибашьра атематикоуп.

Азал адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа илҳәеит, ара ишыҟоу ҳаамҭазтәи асахьаҭыхыҩцәа рырҿиамҭақәа риеԥш аиҳабыратә абиԥарақәа рҭыхымҭақәагьы.

Ацәыргақәҵа "Асахьаҭыхыҩ. Аамҭа.Агәалашәара" аҭааҩцәа ирбар рылшоит 70 рҟынӡа рҿиамҭа Аҳәынҭқарратә милаҭтә галереиа аҟынтәии, Сергеи Дбар ихьӡ зху Аџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аҟынтәии.

© Sputnik / Марианна КубраваАЦәЗ аҿы иаздырхиоит ацәыргақәҵа "Асахьаҭыхыҩ. Аамҭа. Агәалашәара." аекспозициа
АЦәЗ аҿы иаздырхиоит ацәыргақәҵа Асахьаҭыхыҩ. Аамҭа. Агәалашәара. аекспозициа - Sputnik Аҧсны
АЦәЗ аҿы иаздырхиоит ацәыргақәҵа "Асахьаҭыхыҩ. Аамҭа. Агәалашәара." аекспозициа

"Есышықәса Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иазнархиоит ацәыргақәҵа. Атема акуп аха аҟазшьа, ажаныр рҽырыԥсахуеит. Шықәсқәак раԥхьа еиҿаҳкааит аинтерес зҵаз апроект "Аибашьреи аҭынчреи аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рырҿиараҿы". Ари аинтерес зҵоу експозициоуп, асахьаҭыхыҩ ирҿиамҭа ҵаҵӷәыс шаҳаҭс дызмоу ахҭыс анамоу. Ҳара иаабоит: Краиников 1964 шықәса рзы иаԥиҵаз "Иван аԥсуа", Писорчук инатиурморт – зыҟны амузеитә експонатқәа ҭыху", - лҳәоит Арсалиаԥҳа.

Ацәыргақәҵахь инагоуп аибашьраан иҭахаз асахьаҭыхыҩ Заур Аџьба аҵыхәтәантәи иавтопортрет.

© Sputnik / Марианна КубраваАЦәЗ аҿы иаздырхиоит ацәыргақәҵа "Асахьаҭыхыҩ. Аамҭа. Агәалашәара." аекспозициа
АЦәЗ аҿы иаздырхиоит ацәыргақәҵа Асахьаҭыхыҩ. Аамҭа. Агәалашәара. аекспозициа - Sputnik Аҧсны
АЦәЗ аҿы иаздырхиоит ацәыргақәҵа "Асахьаҭыхыҩ. Аамҭа. Агәалашәара." аекспозициа

"Ҳара ҳгәаанагарала иинтересу атема шьҭаҳхит, асахьаҭыхыҩ иаҳзаԥиҵо аҭоурыхтә гәалашәара ааҳарԥшуеит", - лҳәеит лара.

Ацәыргақәҵа "Асахьаҭыхыҩ. Аамҭа.Агәалашәара" мҩаԥысуеит Акультура аминистрра адгыларала. Аиҿкааҩцәа: Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла, Аҳәынҭқарратә милаҭтә галереиа.

Ацәыргақәҵа аус ауеит жьҭаара 8 рҟынӡа. Апроект аинформациатә дгылара анаҭоит Sputnik Аԥсны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0