Бжьаниа Гагра ашәахтәқәа рымшәара апроблема еилыргазарц адҵа ҟаиҵеит

© Foto / сайт Президента Республики Абхазия Президента Аслана Бжания в Гагрской Администрации
Президента Аслана Бжания в Гагрской Администрации - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аслан Бжьаниа анапынҵа ҟаиҵеит ашәахтәқәа рымшәаразы аус Апрокуратура хадахьы инашьҭызарц.

АҞӘА, цәыббра 17 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрреи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи рнапы ианиҵеит Гагра араион аҿы ашәахтәқәа зымшәо рус Апрокуратура хадахьы инашьҭызарц.

Ахада исаит ишаҳәо ала, ари аҩыза аҳәамҭа ахада иҟаиҵеит Гагра араион актив реизараҟны.

Араион ахада Иури Хагәышь ахада иирдырит 600-ҩык инарзынаԥшуа ашәахтәшәаҩцәа ашәҟәы ишҭагалам. Бжьаниа иҳәеит аиҳабыра абри аганахь ала аус дырӷәӷәар шакәхо.

"Асеиԥш изыҟалеи? Уи азы аҭакԥхықәра здыда? Иумбар, иумаҳар ауам. Асеиԥш ԥхьаҟагьы аусқәа анца аҭыԥантәи ашәахтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа ԥсахтәхоит", - иҳәеит иара.

Бжьаниа иара убасгьы иҳәеит азинхьчаратә усбарҭақәак рнапхгаҩцәа аус ҳдыруам ҳәа ргәаанагара шиаҳахьоу.

"Аус жәула, зегь рнапы шәзеинырҟьап уи азы. Алҵшәақәа аашәырԥшла! Иззеилымкаауа, ма еилызкаарц зҭахым рзы аҳәынҭқарра ахатә лшарақәа амоуп", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аслана Бжания  - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа: Аинвестпрограмма аобиектқәа рпроектқәа рҿы агхақәа рзы иахьырхәлатәуп

Ахада иҳәеит Гагра анхара ныҳәак иаҩызоуп ҳәа агәра шиго. Гагра араион ахь Аинвестициатә программа аԥарақәа рҟынтәи 32% нашьҭуп. Урҭ аԥарақәа уажәы ахархәара рырҭоит.

"Ари иаанаго атәыла анапхгара Гагра гәыгәҭарыжьуам ауп. Ҿырԥшыгас: Аинвестпрограммала Очамчыра араион иазоужьу 221 миллион мааҭ роуп. Уи иартәоит 5%. Иахьынӡеиԥшым шәымбои?", - ҳәа дҵааит атәыла ахада.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит араион аҿы еизгахо ашәахтәқәа иара ара иныххоит ҳәа.

"Ашәахтә маҵзурақәа, азинхьчаратә усбарҭақәа, аӡбратә приставцәа еизырымго аԥара ара иаанхон, урҭ аӡәгьы ишәымихуамызт", - иҳәеит иара.

Урыстәылатәи ацхыраара далацәажәо Бжьаниа иҳәеит аҵыхәтәантәи ԥшьышықәса абиуџьет аусхк аусзуҩцәа (агәабзиарахьчара, аҵарадырра, акультура, аспорт) руалафахәы ишахҭынҵаз миллиардки 440 миллиони мааҭ.

"Урыстәыла ацхыраара арҭ иарбоу аусхкқәа рҿы миллиардки ҩынҩажәа миллиони мааҭ артәеит – 78%, ҳара иаҳтәу 22% роуп", - иҳәеит ахада.

Аԥсны беиахар ҳҭахызар аус улатәуп, аинвесторцәа рзгьы аҭагылазаашьа маншәалақәа аԥҵатәуп ҳәа иҳәеит ахада.

"Аусушьа ҳҵароуп, уаҳа аҽа мҩак ыҟам", - азгәеиҭеит иара.

Аилатәара еихшьало Бжьаниа аиҳабыреи иусбарҭеи анапынҵақәа шриҭо атәы иҳәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0