"Амшынеиқәафымцамч" Очамчыра араион аҿы амаинингтә фермақәа быжьба аанарԥшит

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМайнинг криптовалют
Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион аҿы АУН "Амшынеиқәафымцамч" акомиссиа ареид мҩаԥнагеит аԥшьаша, цәыббра 17 рзы.

АҞӘА, цәыббра 19 – Sputnik. АУН "Амшынеиқәафымцамч" акомиссиа изакәанымкәа иара афымцалашара иаҿаԥшьу аобиектқәа раарԥшразы Очамчыра араион аҿы ареид амҩаԥгараан ирбеит акриптовалиутақәа рмаининг азы афермақәа быжьба. Абри азы "Амшынеиқәафымцамч" Facebook аҿы адырра ҟанаҵоит.

"Акриптовалиутақәа рмаининг азы аобиектқәа хәба аарԥшын, урҭ рзеиԥш мчхара 3МВт ыҟоуп. Иара убас ззеиԥш мчхара 0,8 МВт иҟоу аҿаԥшьразы ихиоу даҽа ҩ-фермак аарԥшын", - ҳәа адырра ҟанаҵоит аацҳамҭа.

Аилахәыраҿы ишазгәарҭаз ала, арҭ аобиектқәа аизырҳаратә станциа "Очамчыра-ахада" аҟынтәи афидер (афымцастанциамаҷ аҟынтәи афымца аиура алзыршо акабельтә цәаҳәа) "Баслахә" иаҿаԥшьын, уи араион аҿы афымцалашара аҭагылазаашьа аруадаҩуан.

Иаарԥшыз аобиектқәа ҩаԥхьа афымцатә цәаҳәақәа ирҿаԥырымшьырц азы ахылаԥшра ҟарҵарц рнапы ианҵоуп "Амшынеиқәафымцамч" иаҵанакуа изықәнагоу аусбарҭақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0