Аҟәатәи ашкол адыркит акоронавирус злаз арҵаҩы лыԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКарантин в школах
Карантин в школах - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апандемиа ааҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иалоу 939-ҩык аарԥшын. Цәыббра 20 рызтәи аоперштаб адыррақәа рыла, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп 97-ҩык апациентцәа.

АҞӘА, цәыббра 20 — Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №1 аҵаҩцәа акарантин ахь аҩныҟа иоушьҭуп ҩымчыбжь ҳәа, ашкол аҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьеицәахаз инамаданы, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит ашкол адиректор Нонна Делԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, иахьа ашкол адирекциахь адырра ҟарҵеит акоронавирус зцәа иалаз рырҵаҩцәа руаӡәк, даҽа хроникатә чымазаракгьы зцәа иалаз, лыԥсҭазаара дшалҵыз. Иара убасгьы рышкол аҿы аклассқәа хәба рҟны ари аҿкы чымазара зцәа иалаз ачымазцәа азгәарҭахьан. Уи адагьы аҭаацәа аӡәырҩы  рхәыҷқәа COVID-19 асимптомқәа шрыдырбало адиректор иларҳәарц азы аҭел ишылзасыц илзасуеит.

"Сара аҵара аминистр аҭел сизасит, иҟоу аҭагылазаашьа иеилсыркаарц азы. Иара аҵаҩцәа ҩымчыбжьа ҳәа иоушәышьҭ акарантин ахь иҳәеит, избанзар ҳашкол аҿы актәи, аҩбатәи, ахԥатәи аклассқәа рҿы ада, егьырҭ аклассқәа зегьы рҿы аҿкы злалаз ахәыҷқәа ыҟоуп, урҭ зегьы аишьцәа, аиҳәшьцәа рымоуп егьырҭ аклассқәа рҟны. Иара убас ҳарҵаҩцәа быжьҩык акарантин аҿы иҟоуп, саргьы сыбжьы иахьа исгәаԥхом", - лҳәеит Делԥҳа.

Иара убас лара иазгәалҭеит иахьа Асанитартә епидемиологиатә станциа анапхгара лыҽрымалдарц дшаҿыз, аха аӡәгьы аҭел шьҭимхит ҳәа. Делԥҳа ишылҳәаз ала, уажәы ашкол адирекциа аилкаара иаҿуп шаҟаҩык рҵаҩцәеи рырҵаҩцәеи акоронавирус рыхьыз, макьана урҭ рхыԥхьаӡара рыздыруам.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура COVID-19 зыхьны иҟаз арҵаҩы лыԥсҭазаара дшалҵыз азы аинформациа Sputnik иазышьақәнарӷәӷәеит, иагьазгәарҭеит лара Қырҭтәыла дшырхәышәтәуаз, уаҟа шакәу лыԥсҭазаара дахьалҵыз.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0